АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынгәы.2023

Река ақыҭан инхо ахаҵа арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаақәа мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раарыхразы ахара идҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаақәа мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раарыхразы игҩароу  Очамчыра араион Река ақыҭан инхо 1980 шықәасазы ииз Ҭемыр Валикәа-иԥа Кәартаа иганахьала аусеилыргара хацыркуп.   Аусеилыргара мҩаԥнагоит Очамчыра амилициа араионтә ҟәша аусеилыргаратә гәыԥ.  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ҭемыр Кәартаа Река ақыҭан инхарҭаҭыԥ иаҵанакуа абаҳчара аҿы коноплиа (Алада Краснодартәи ахкы) ҳәа изышьҭоу, заарыхра ҟамло аҵиаа еиҭаҳаны иазирҳауан. Аусеилыргараан ишышьақәыргылаз ала, аҵиаақәа рыхәҭак уажәанатә рвегетативтә еизҳара астадиа аҿы анаркотикатә активтә компонет рылоуп. Урҭ анаркотикатә хархәага алхразы аӡа аҳасабала ахархәара амазар алшоит.

Араион аӡбарҭа аӡбамҭа ала Ҭемыр Кәартаа ддырбаандаҩуп.

 

 


Read 360 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 17:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.