АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынгәы.2023

Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Чериомин диԥылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 07, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва Аиҳабыра Аминистр, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Чериомин диԥылеит.

Ԥхынгәымза 6 инаркны 9-нӡа Сергеи Чериомин напхгара зиҭо Москва Аиҳабыра аделегациа усуратә визитла Аԥсны иҟоуп.

Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәеи Москвеи еиуеиԤшым аусхкқәа рыла реимадара азҿлымҳара шамоу атәы иҳәеит.

«Ҳаиԥылара даара сеигәырӷьоит, Сергеи Евгени-иԥа. Сара раԥхьаӡакәны Москватәи Аиҳабыра аделегациа сыдыскылоит, шәаара ҳаҭыр сзақәуп. Москва ҳара ҷыдала ҳазыҟоуп. Сара лымкаала агәахәара снаҭоит уажәы ҳтәыла аҳҭнықалақь аганахь ала аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара иахьалаго»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент анапхгаҩы Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аҟәа ақалақь амш азгәаҭара аҽалархәразы ааԥхьара ахьриҭаз азы. «Иахьа Аԥсны иҟоуп Москва Аиҳабыра аделегациа ду. Арҭ Аиҳабыра еиуеиԥшым адепартаментқәа ирхаҭарнакцәоу исколлегацәақәаны ҳәа мацара акәӡам. Ҳара дҳацааит Москва ахәаахәҭра - ааглыхратә палата ахада, избан акәзар ҳнаплакыҩцәа рыбжьара активла аизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳгәы иҭоуп»,- ҳәа иҳәеит Сергеи Чериомин. 

Уи иазгәеиҭеит Москва  атуризм аусхк аҟны аинвестицақәа ралыршара ишазхәыцуа, избанзар, иара иажәақәа рыла, ртәылауаа рзы Аԥсны атуризм азы еиҳа бзиа ирбо ахырхарҭақәа ируакуп.

«Сара  уи азы агәра згеит, ара шәыԥшаҳәа ԥшӡа аҟны  иныҟәо ауаа рацәа  сахьрылаԥшыз. Асасааирҭақәа рҟны, шамахамзар, аҭыԥқәа рыԥшаара залшом. Иахьа иазгәаҭоуп еицырдыруа урыстәылатәи артистцәа рконцерт, иара убас ара иаараны иҟоуп атруппа ду.

Иаартны ишәасҳәоит, ҳанхарҭа ҭыԥ алхра уадаҩын, иара уи шәыдысныҳәаларгьы сҭахуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Даҽаганкахьала, Сергеи Чериомин иажәақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аҿиаразы, агәазҭаҵаразы ацхыраара аҭахуп. «Москвеи Аҟәеи ҩ-ганктәи русеицуразы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра  азгәаҭоуп, ҳаҳҭнықалақьқәа руааԥсыра рыбжьара аиҩызареи аилибакаареи рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу Москва аус ацура арҿиара азҿлымҳара шаиҭо инааҵшьны иҳәеит.

«Ҳара, ҳәарада, урыстәылатәи аҳҭнықалақь аҟны иҟоу иреиӷьу атехнологиақәа ҳхы рызҳархоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа, иара убас иҭабуп ҳәа реиҳәеит Москва америа анапхгара Аҟәа ақалақь амшныҳәазы, еицырдыруа урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа алархәны аконцерттә программа аҳасабала аҳамҭа иҟарҵаз азы, иара убас Москва амер Сергеи Собианин  асалам изиҭиит.

Аганқәа иара убас ирылацәажәеит амҩақәа рыҟны ашәарҭадара алыршареи, аҵараиуреи, егьырҭ аусхкқәеи рыҟны аусеицура иазку иактуалтәу азҵаарақәагьы.

Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҟәа  аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

 

 


Read 390 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 17:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.