АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2023

Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Анқәаби ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион иаҭааит.

Гагра. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра араион ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха аиуит. Ԥхынгәымза 10 рзы, ашәахьа, араион иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби.

Абарҭ аминуҭқәа рзы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Ахадараҟны  аилацәажәара мҩаԥысит.

Араион Ахада Иури Хагәышь Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусурақәа шцо азы. Иури Хагәышь излаиҳәо ала, Гагра араион иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны ԥхынгәымза 9 рзы еилкаахеит аԥхасҭа ӷәӷәа шроуыз  ақыҭақәа хԥа: Ԥсахара, Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа ҳаблак, Гагра ақалақь ахәҭақәак.

«Ааха роуит 1100 нхарҭа, иара убас  250 цыра инарзынаԥшуа автомашьынақәа», - ҳәа иҳәеит Иури Ҳагәышь.

Аихамҩақәа рыхәҭак ӡнаӡәӡәааит. Убри иахҟьаны аамҭала адәыӷбақәа рныҟәара аанкылахеит.

«Иҟалаз арыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы хархәара рыҭоуп 22 цыра иҷыдоу атехника, 200-ҩык ауаа алархәуп. Амҩа рҽеиратә усбарҭа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥнагоит. Амҩақәа ррыцқьарақәа мҩаԥысуеит Гагра ақалақь аҟны. Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥ аҳаблаҟны амҩақәа ррыцқьара анаҩс, ахатәы ҩынқәа рҟынтә аӡқәа

ҩныргоит», – ҳәа иҳәеит Иури Ҳагәышь.

Гагра араион аҿы иҟалаз ақәыршҩы иахҟьны Бзыԥҭа аҳаблаҿы иҟоу амилициа аҟәша ахыбра, иара убас Пицунда ақалақь аҿы акультура Аҩны ааха роуит, Гагра ақалақь аҿы иҟоу ахәыҷбаҳча «Мрамза» актәи аихагыла аӡы ыҵалеит.  

Уажәы аҩнеихагылақәа рыгәраҵақәа рҿы иҵалаз аӡы аҟынтәи арыцқьарақәа мҩаԥысуеит. Амҩақәа ррыцқьареи реиҭашьақәыргылареи иазку аусурақәа мҩаԥысуеит.   Урҭ ирылахәуп 200 – ҩык инарзынаԥшуа ауаа, 7 тракторк, 15 цыра аидарамҩангагатә машьына дуқәа  (КАМАЗ),

Аҳәынҭқарра Ахада автотранспорттә ныҟәара аиҭашьықәыргылара залыршома ҳәа иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Иури Ҳагәышь амҩақәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгоуп, араҟа хара имгакәа амашьынақәагьы аныҟәара иалагоит ҳәа иазгәеиҭеит. Иацы, Бзыԥ аҳаблаҿы, абылтәыҭаҭәарҭа «Ахәырбӷьыц» азааигәара ирацәаны ахаҳәи-мҿыҳәи ықәнагалеит, аха ҩба-хԥа сааҭ ирылагӡаны ари амҩа арыцқьара алыршахеит.

Ақәршҩы ӷәӷәа иахҟьаны иҵнаӡәӡәааит 250 метр рҟынӡ аихамҩа, аха ашпалақәа ааха рмоуӡеит.


Read 170 times - Аҩаша, 11 Ԥхынгәы 2023 12:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.