АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Лаҵара.2022

ЛЕОНИД КАЛАШНИКОВ: УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘААХЫҴЫРҬА ЗЫНӠА ИАԤЫХЗАРГЬЫ АЛШОИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысырҭа зынӡа иаԥыхзар алшоит ҳәа ахаша ажурналистцәа дрыҿцәажәо аҳәамҭа ҟаиҵеит Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рзы, Евразиатәи аинтеграциеи аитәылауаа рымадареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы  Леонид Калашников.

«Ҳалацәажәеит Ԥсоу аӡиас ала ицо Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа иаанханы иҟоу апроблемақәа. Ҳаиқәшаҳаҭхеит аусуратә гәыԥ аиҿкаара, аха иара убри адагьы ҳара акыр хадара злоу азҵаарақәагьы ықәҳаргылеит – уи араҟа иҟоу аҳәаахысырҭа зынӡа ақәгара, Белоруссиа ишыҟарҵаз еиԥшны аҟаҵара акәын изызкыз», - ҳәа Леонид Калашников иажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо  иаанацҳауеит ТАСС.     


Read 637 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.