АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2023

Ажьырныҳәамза 1 инаркны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара 287 нызықьҩык иреиҳауп, аӡиа Риҵа – 439 нызықьҩык иреиҳауп.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны Г.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааз рхыԥхьаӡара 287 076-ҩык рҟынӡа инаӡеит, афинанстә лагалақәа  реицҵалыҵ 200 млн 953 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза 1 инаркны цәыббрамза 1 аҟынӡа иаҭааз рхыԥхьаӡара 439 060-ҩык рҟынӡа инаӡеит, афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  289 млн. 950 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит  298 744-ҩык, афинанстә лагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ акәзар, уи  202 млн. 410 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит; Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк иаҭааит 492 954-ҩык, иалагалаз афинанстә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 309 млн.965 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  


Read 240 times - Ахаша, 06 Цәыббра 2023 17:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.