АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2023

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи аҿартә форум «Евразия Global» зхы алазырхәыз аҿартә делегациа рԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 7 рзы Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи аҿартә форум  «Евразия Global» зхы алазырхәыз аҿартә делегациа рԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Афорум аҿы ҳреспублика ахаҭарнакра нарыгӡон 17-ҩык аҿар, аделегациа напхгара аиҭон аҳәынҭқарратә Еилакы аҿартә ҟәша аспециалист хада Ахра Бебиа.  

Аҿар рыдыркылеит Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Ҵкәуеи аҿартә ҟәша анапхгаҩы Идрис Кара-Осман-оглы. Дара аҿар жәларбжьаратәи афорум аҿы иахәҭоу аҩаӡара аҿы Аԥсны ахаҭарнакра ахьынарыгӡаз азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ахәҭакахьала, аделегатцәа афорум ирызцәырнагаз ацәаныррақәа ирылацәажә

еит.

«Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп ҳагәра ганы ҳреспублика ахаҭарнакразы алшара ахьҳашәҭаз азы. Уи даара акыр аҵанакуеит ҳара ҳзы. Гәахәарыла иҳадаҳкылоит ҳнапы ианышәҵаз аус ишахәҭоу ала анагӡара ҳалшеит ҳәа иҳаҳауа ацәажәарақәа. Афорум даара аинтерес аҵан, иҭбаау апрограмма ала игәылҭәаан», - ҳәа иҳәеит Роберт Минасиан.

«Ҳара зегьы иҳалшоз аҿы ҳхы ҳамеигӡеит. Есҽны ҳаӡбахә заҳауаз рхыԥхьаӡара иацлон. Ҳара егьырҭ атәылақәа рыҽрымадара ҳалҳаршеит, Аԥсныҟа иаарц зҭаху рхыԥхьаӡара акыр иацлеит ҳәагьы уҳәар алшоит», - ҳәа иҳәеит Руслан Амҷба.

Леуан Габелиа, ас еиԥш иҟоу афорум алахәхара иара изы иҿыцу ԥышәоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уаанӡа сара ас еиԥш аформат змоу афорумқәа схы аласмырхәӡацызт, уаанӡа ареспублика аҩныҵҟа имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа ракәын сызлахәыз. Сара раԥхьаӡа акәны Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа аусмҩаԥгатә схы аласырхәит. Уи даара агазҭазаара сынаҭеит анаҩстәи сусуреи схы аус адулареи рзы», - ҳәа иҳәеит Леуан Габелиа.

Жәларбжьаратәи афорум «Евразия Global» зынӡа 500-ҩык инарзынаԥшуа рхы аладырхәит.  Афорум мҩаԥысит нанҳәамза 21 инаркны 27-нӡа Оренбург ақалақь аҿы. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар реалла ауснагӡатәқәа рынагӡара рҵон, иара убас аглобалтә ҳәынҭқарратә напхгараҭара ашьақәгылашьа ҭырҵаауан.


Read 149 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 21:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.