АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2023

Едуард Быҭәбеи Константин Котенкои Урыстәылатәи ахирургиатә наукатә центри русеицура апланқәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. II Аԥснытәи амедицинатә форум аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва ақалақь аҿы диԥылеит академик Б. В. Петровски ихьӡ зху Урыстәылатәи ахирургиатә наукатә Центр адиректор, Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик Константин Котенко. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Едуард Быҭәбеи Константин Котенкои аҩганктәи аусеицура апланқәа ирылацәажәеит.

Аганқәа Аԥсны ауааԥсыра ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аполис ала амедицинатә цхыраара рыҭара, зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраарагьы уахь иналаҵаны рзы еиқәшаҳаҭхеит.

Константин Котенко Аԥсны аминистр  Урыстәылатәи  ахирургиатә наукатә Центр аҭоурых атәы изеиҭеиҳәеит, академик Б. В. Петровски – Урыстәылатәи ахирургиатә школ ашьаҭаркҩы, Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла агәабзиарахьчара аминистр имемориалтә кабинет-музеи иирбеит.  

II Аԥснытәи амедицинатә форум Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра 2024 шықәсазы амҩаԥгара азԥхьагәанаҭоит.


Read 178 times - Ахаша, 11 Жьҭаара 2023 10:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.