АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2023

Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ареспублика Арбџьармчқәа Рымш.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ареспублика Арбџьармчқәа Рымш.

Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара имариамыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаҿы, ареспублика ахьыԥшымра азықәԥара аҭагылазаашьаҿы  имҩаԥысуан.

Аԥсуа ар ашьақәгылара аҩныҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу аполк аԥҵара аҟынтәи ахы ыҵнахит. Усҟан уи иахагылеит  амилициа аподполковник, Гиви Агрбеи амилициа амаиор Вахтанг Цыгәбеи. Ари аполк ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуоуп абарҭ афицарцәа: Владимир Аршба, Денвар Асланӡиа, Иури Романов, Баҭал Џьопуа, Беслан Ҵәыџьба, Валери Делба, Рауль Муцба, Сергеи Аршба, Нури Багаҭелиа, Вианор Ашба, уҳәа убас аӡәырҩы.

Жьҭаарамза 11 Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥҵаз амш ауп, аха уаанӡа, декабр 29, 1991 шықәсазы еиҿкаан Аҩнуҵҟатәи Ар Хаз игоу аполк. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла архәҭақәа рбазала. Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс дыҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳажәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса рзы Аԥсны аибашьра ианалага, арратә система шьақәгыланы иҟаӡамызт. Еиҿкаатәын 500-500-ҩык зҵазкуаз абаталионқәа. Жәлар рыр рыла ишьақәгылаз ар ракәын еибашьра ицоз. Аибашьра аҽарҭбаауан. Жәлар рыр рымацара рыла аиааира агара залшомызт. Аибашьра анцо ар зегьы еидгылазароуп, ахада дрымазароуп, зегьы напык аҿы иҟазароуп. Убас, еиҿыркааит:

Аԥсны Арбџьармчқәа;

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра;

Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра Агенералтә штаб.

Нанҳәамза 18, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Владислав Арӡынба ихантәаҩрала Аҳәынҭқарратә атәылахьчаратә комитет аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  Акомитет арратә зҵаарақәа рыӡбара мҩаԥыргон: Сулҭан Сосналиев, Алик Аиба, уҳәа егьырҭгьы. Аҳәынҭқарратә атәылахьчара Акомитет ареспублика ахьчаразы амчра зегьы анапаҵаҟа иҟалеит.

Цәыббрамза 3, 1992 шықәсазы Москва ақалақь аҿы анапаҵыҩра мҩаԥысит Урыстәылеи Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара қырҭтәылатәи архәҭақәа Аԥсны ралгаразы х-ганктәи аиқәшаҳаҭра.    Аҳәынҭсовет ачынуаа излауаз ала знапаҵыҩра мҩаԥгаз аусшәҟәы анагӡара рҽацәхьаркуан, урҭ раԥхьа аамҭалатәи аинышәара аԥҟарақәа еиларгеит.

Жьҭаарамза 2, 1992 шықәсазы Аԥснытәи архәҭақәеи хатәгәаԥхарала еибашьуаз ротриадқәеи Гагра ахы иақәиҭыртәит, жьҭаара 6 рзы – Аԥсны Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы. Ари раԥхьатәи иааира дуун.  

 Арбџьармчқәа реиҿкаара иалнаршеит аиааира агара. Арбџьармчқәа реиҿкаара акыр аамҭа ицон. Ианартәи ажәылара ашьҭахь Аԥсны Арбџьармчқәа напхгаҩыс дрыҭан Владислав Арӡынба.

Ажьырныҳәа 8, 1993 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум аҿы ирыдыркылеит ақәҵара Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәыла Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас иҟаҵаразы.

Усҟан Атәылахьчара Аминистрс дыҟан Владимир Аршба, Агенералтә штаб аиҳабыс - Султан Сосналиев, Гәымсҭатәи афронт еиҳабыс - Сергеи Дбар.

Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы атәылахьчара Аминистрра напхгара арҭон ззанааҭдырра ҳараку ар реиҳабацәа: Владимир Аршба, Сулҭан Сосналиев, Владимир Миканба, Рауль Ҳаџьымба, Виачеслав Ешба, Мираб Кьышьмариа. Урҭ зегьы атәыла ахьчаралшара аҿы рлагала ахә ашьара уадаҩуп. Уажәы атәылахьчара Аминистрра напхгара аиҭоит аинрал-полковник Владимир Ануа.

Иахьатәи аамҭазгьы иӷәӷәоу ар ауп ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо.

Иахьа Аԥсны Арбџьармчқәа аҳәынҭқарра акзаареи ашәарҭадареи рыхьчаразы иахәҭоу алшара дуқәа амоуп, аԥснытәи аруаа хацәнымырха амилаҭтә интересқәа рыхьчаразы игылоуп.

 

 

 


Read 177 times - Ахаша, 11 Жьҭаара 2023 22:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.