АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2023

Ҳазҭоу ашықәс 9 мыз ирылагӡаны аҳазылхратә усбарҭақәа иахырыԥхьаӡалеит 2 млрд 698 млн. мааҭ рҟынӡа аҳазылхратә шәатәқәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023. Аԥсныпресс. Цәыббрамза,2023 шықәсазы планла иазԥхьагәаҭаз  247,3 млн. мааҭ аан иахыԥхьаӡалаз аҳазылхратә шәатәқәа  реицҵалыҵ 388  млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убас ала, цәыббрамзазы аплан нагӡахеит 157% рыла. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.

Иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамза иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы иахыԥхьаӡалахаз аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ  127,9 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (Цәыббрамза, 2022 шықәсазы  – 260,1 млн. мааҭ).

Ҳазҭоу ашықәс жәымз рыла аҳазылхратә усбарҭақәа иахырыԥхьаӡалеит 2 млрд 698 млн. мааҭ рҟынӡа аҳазылхратә шәатәқәа. Уи 2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны ухәаԥшуазар, 555,6 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Убас, 2022, шықәса 9 мыз рыла иахыԥхьаӡалахеит 2 млрд. 142,4 млн. мааҭ.

2023 шықәса 9 мыз рыла аплан арбага  128% рыла инагӡоуп.   

 

 


Read 174 times - Ахаша, 11 Жьҭаара 2023 22:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.