АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2023

Аԥсны иаатит зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир.

Аҟәа. Жьҭарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы, жьҭаарамза 19 рзы зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир аартра ацеремониа  мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп зынӡа хә-командак: Аԥсны, Чечентәыла, Барнаул, Кемерово, Владикавказ рҟынтәи командак-командак. Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Актәи ахәмарра уаҵәы, жьҭаарамза 20 рзы имҩаԥгахоит.

Атурнир аартра ашьапылампыласыҩцәа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аолимпиатә комитет ахантәаҩы Валери Аршба.

«Сара бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит зегьы амра тәыла Аԥсны. Ҳара абар шьҭа жәеизантәиуп ас еиԥш идуу, даара хра злоу ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥаҳгоижьҭеи. Идуӡӡаны иҭабуп уи шәхы ахьалашәырхәуа. Зегьы агәабзиареи анасыԥи шәзеиӷьасшьоит»,  ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба убасҵәҟьа атурнир аҿы еизаз зегьы дрыдныҳәалеит.

«Аҿари аспорти  русқәа рзы аҳәынҭақрратә Еилакы ахьӡала ҳара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылтәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30 – шықәса ахыҵра иазкны иахьа имҩаԥааго атурнир аартра шәыдаҳныҳәалоит.  Шәара ижәдыруеит ҳаиҳабацәа шәареи ҳареи иахьа аиҩызара бзиа ҳабжьазарц, ҳаҿиаларц, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш бзиахарц азы иҟарҵаз акыр ишырацәоу. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит есышықәса имҩаԥааго аспорттә усмҩаԥгатәқәа шәахьҽлылашәырхәуа.

Зымаха-зышьаха еибгам рыбжьара ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ еиҳабы Руслан Герзышев аԥсуа ган ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит атурнир ахалархәразы ироуз алшара азы. 

«Аԥснытәи ҳашьцәа иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп есышықәса иҳарҭо ааԥхьаразы, ҳара ҳзы уи акыр аанагоит. Шәара, арԥарцәа, ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи, ахәахәа-чахәарада ахәмаррақәа рымҩаԥгареи», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Апаралимпиатә акомитет ахантәаҩы Леон Ҵәыџьбагьы аспортсменцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.  

«Сара даара иахьа абра шәбара сеигәырӷьоит, гәыкала ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, анасыԥ, агәабзиара. Еиҳа зылшо акоманда аиааиааит», - ҳәа иҳәеит Леон Ҵәыџьба.

Атурнир аартра иадҳәалаз ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада аспорт азы иабжьгаҩ Ахра Ашәба, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа Апрезидент Шабаҭ Логәуа.


Read 333 times - Ахәаша, 20 Жьҭаара 2023 10:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.