АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ажьырныҳәа.2024

2023 шықәсазы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура ахь аусуразы азин аршаҳаҭгақәеи апатентқәеи раиуразы 7 нызықь инареиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура ахь аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи авизақәа раиуразы 7 754 арзаҳалқәа рыдыркылеит, урҭ рахьынтә ирыхәаԥшит атәыла алаларазы ааԥхьарақәа рзы азыҳәамҭақәа 15, 826 арзаҳал аусураҭаҩцәа рҟынтәи. Абри азы 2023 шықсазы аусура аихшьаалақәа ҟаҵо  атәыла аԥыза-министр адырра ииҭеит Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы  Рамин Габлаиа.

2023 шықәсазы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи аусуразы азин аршаҳаҭгақәеи апатентқәеи раиуразы ирыдыркылеит 7 038 арзаҳал.

Урҭ рахьынтә: апатентқәа – 1 050, амиграциатә шәҟәҭагалара иахысит 5 343 - ҩык.

Иҳаҩсыз ашықәс аҩныҵҟа аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала иалагалан:

Аусуратә визақәа рыҭаразы – 38 149 780 мааҭ.

Атәыла алаларазы ааԥхьарақәа рыҭаразы – 16 400 мааҭ.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаа  аусуразы азин рыҭара  азы – 33 868 800 мааҭ.

Апатент аҭаразы – 8 639 600 мааҭ. Аусурааҭаҩцәа рыла аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа радыԥхьалара азы - 11 783 000 мааҭ.

Амедицинатә гәаҭара иахысит 7 803 - ҩык амигрантцәа, иаарԥшхеит 8-ҩык Ауаҩы иимунитет зхәаҽуа авирус ҳәа изышьҭоу аҿыкчымазара (ВИЧ) злаҽу, агепатит В змоу – 352-ҩык, агепатит С ачымазара зыхьуа – 144-ҩык.

Административтә зинеилагара азы аӡбарҭахь идәықәҵоуп 320 материал.

Ахараԥсақәа рыршәара аҟынтәи ареспублика абиуџьет иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ - 519 378 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.       

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусурааҭаҩцәа рганахьала 64-гәаҭара мҩаԥнагеит. Атәыла иалганы ишьҭуп  7 - ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа.

2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31-нӡа Амаҵзура аусура иалҵшәаны иалагалаз аҳәынҭқарратә баџь азеиԥш еицҵалыҵ  92 976 958 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.        

2022 шықәсазы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусура иалҵшәаны Аԥсны абиуџьет иалагалан   63 962 743 мааҭ. 2023 шықәсазы,  2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аизҳара 29 014 215 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Атәыла аԥыза-министр ҳазҭалаз ашықәс азы аусура аплан далацәажәеит, иара убас Амаҵзура анапхгаҩы амиграциатә процессқәа рхылаԥшра арӷәӷәара азы анапынҵақәа ииҭеит.

 

 

 


Read 107 times - Амҽыша, 21 Ажьырныҳәа 2024 18:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.