АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ажьырныҳәа.2024

Абылраҿы ааха зауз абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр» иҿыцу аҭыӡҭыԥ ала аус аулоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр» (Банк ЦМР Абхазия) Ареспублика Аԥсны асахьаркыратә ҭынха акала иузхамырҭәаауа ацәыӡ азы ажәабжь гәалсра дула иаднакылеит.

Ажьырныҳәамза 21 ауха иҟалаз Ацәыргақәҵатә зал Хада амцакра иахҟьаны иара убас  Аҟәа, Лакоба имҩа, аҩны №31 аҿы иҟоу абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр» аофисгьы  ааха аиуит.

Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа иахҟьаны абанк аусура еиԥҟьаӡом.

Ажьырныҳәамза 22 инаркны Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр»  аклиентцәа рҿаԥхьа иамоу аҭакԥхықәрақәа абжьааԥнытәи арежим ала инанагӡалоит абри  аҭыӡҭыԥ ала: ақалақь Аҟәа, Леон имҩа, аҩны  №17.

Абанктә операциақәа рымҩаԥгара асистема  абанк-аклиент ала адистанциатә каналқәа рыла амҩаԥгара алыршахоит.  

Аклиентцәа аԥара напынҵа абанк ахсаалагақәа рҟынтәи амхра рылшоит абжьааԥны ишыҟарҵалац еиԥш Ареспублика иахьаҵанакуа иргылоу абанк абанкоматқәа зегьы рҿы.

Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр» аусуразы еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура ҟалоит абарҭ аҭелқәа рыла:

+7(940)712-47-01,

+7(940)712-47-06,

+7(940)712-47-08,

+7(940)712-47-16.   


Read 120 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 21:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.