АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ажьырныҳәа.2024

Ольга Лиубимова Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра азы: «Атрагедиа ҟалеит Аҟәа».

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова Аҟәа ақалақь, Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра трагедиоуп ҳәа ахылҳәааит, уи иара убас Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы цхыраарас иҟанаҵара иазхәыцуеит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

«Аҟәа аиашазы атрагеддиа ҟалеит. Аԥснытәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳазхәыцуеит иарбан цхыраароу иҟаҳҵаша …», – ҳәа л-Telegram-канал аҿы илыҩит Ольга Лиубимова.

Ажьырныҳәамза 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны Амилаҭтә галереиа афонд маҷк ада зегьы блит.  Ари ахыбраҿы иҟаз ԥшьнызықь инареиҳаны асахьақәа рҟынтәи мацара еиқәхеит 150 рҟынӡа асахьақәа. Амца иалаблит Алеқсандр-Шервашиӡе иусумҭақәа зегьы.

Ареспублика апрокуратура Хада абылра афакт ала агәаҭара-ҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагоит.


Read 109 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 22:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.