АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ажьырныҳәа.2024

Урыстәылатәи атеатрқәа апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи атеатрқәа апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.  Абри атәы л-Telegram-канал аҿы илҳәеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.

«273 театри 65 рҿиаратә коллективқәеи  ҳара  2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаны иҳамоу Урыстәылазегьтәи агастрол-концерттә план иалахәхараны иҟоуп. Апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны артистцәа ирҭаараны иҟоуп Аԥсны, Ермантәыла, Ҟазахсҭан 283 қалақьи аиланхарҭатә пунктқәеи», – ҳәа илҳәеит Ольга  Лиубимова.

Ольга Лиубимова иҟалҵаз адыррақәа рыла, апрограмма иацлеит даҽа 50 иҿыцу атеатрқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә тетар,  М.Н. Ермолова лыхьӡ зху Фергантәи аобласттә аурыс драматә театр, Н.М. Загурски ихьӡ зху Иркутсктәи аобласттә музыкатә театр, иара убас Калмыктәи акьанџьақәа ртеатр «Џьангар», уҳәа убас егьырҭгьы.


Read 158 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 17:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.