АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ажьырныҳәа.2024

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны Аԥсни Еиду Арабтә Емиратқәеи реинырразы аусуратә гәыԥ аԥырҵеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа ацҳаражәҳәаҩ Тимур Забирови онлаин еиҿцәажәара мҩаԥыргеит.

Аганқәа аперспектива злоу аусеицура ахырхарҭақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа ацҳаражәҳәаҩ Тимур Забиров ииҭаз адыррақәа рыла,  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иаԥҵахо Аԥсни Еиду Арабтә Емиратқәеи реинырразы аусуратә гәыԥ ахықәкы хаданы иҟоуп - ахәаахәҭра-економикатә, аинвистициатә, акультура-гуманитартә усхкқәа рҟны аимадарақәа рышьақәыргылара. Уи иажәақәа рыла, ари даара акыр зҵазкуа, аперспектиа злоу усны иҟалоит.

Агәыԥ напхгара аиҭалоит аминистр ицхырааҩ Едгар Ӷәазаа.

Ахәҭакахьала, Урыстәыла иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа ацҳаражәҳәаҩ Тимур Забиров иҳәеит иарбоу аусура мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара дшадгыло.

 

 


Read 74 times - Аҩаша, 23 Ажьырныҳәа 2024 18:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.