АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Ажьырныҳәа.2024

Аԥсны жәлар Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҭарҿиара аидеиа мап ацәнамкыроуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Аҳәынҭқарратә музеи аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы амитинг мҩаԥысит.    Уи алагаанӡа Аԥсны акультура аусзуҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа асквер аҿы анышә иамадоу раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны амца иалаблит Амилаҭтә галереиа афонд аҟынтәи асахьақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны иҟаз Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа зегьы.  

Амитинг иалахәыз ажьырныҳәамза 21  ауха Аԥсны амилаҭтә культура иазыҟалаз атрагедиа гәалсра дула иалацәажәеит.

«Иахьа ҳара ҳзеизаз зынӡа иҟамлараны иҟалаз ахҭыс бааԥсы азы ауп. Амца иалаблит Зыԥсадгьыл азааԥсара зыԥсҭазаара зегьы азызкыз иналукааша ҳкультура аусзуҩцәа аӡәырҩы рџьабаа. Иҟоуп жәларык иртәу аусумҭақәа, аха иҟоуп иара убас ажәларқәа иртәу аусмҭақәагьы. Афранцызцәа ирҭахын Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе дыфранцыззар, аурысцәа – доурысзарц, ақырҭцәа–дықырҭуазарц. Аха иара даԥсыуан, убасгьы иҳәон: «Сара сыԥсыуоуп, слахьынҵеи сырҿиареи зегьы сыжәлар ауп издысҳәало. Сара схаҭа сзымцаргьы, ма сусумҭақәа Сыԥсадгьыл ахь исышьҭуеит». Убасҵәҟьагьы иагьыҟаиҵеит иара, аха ҳара урҭ ҳзымыхьчеит умҳәозар.  Ааи, ахыбра блит, аха ҳара Амилаҭтә галереиа аиҭарҿиара аидеиа мап ацәаҳамкыроуп. Агәкажьразы азин ҳамаӡам, агәыӷра ҳахьчароуп. Дарбанызаалак уи аҩыза алшара змоу адунеи иалаԥсоу ҳҟазацәа русумҭақәа ԥшааны Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәра иҽазишәароуп. Амилаҭтә галереиа аиҭарҿиара аидеиа анагӡара аиуроуп», –  ҳәа иҳәеит апоет, ауаажәларратә усзуҩ  Дмитри Габелиа.

Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа  ажьырныҳәамза  21 ауха иҟалаз арыцҳара азы ахара зду рахь хаҭала ихы ахыԥхьаӡаланы, еизаз рҿаԥхьа аминауаҭра шьҭеиҵеит.  

«Ас еиԥш ажәақәа рҳәоит аԥсы анышә данамардо. Ари ҳсахьаҭыхыҩ дуӡӡа иаҳзеиқәмырхаз иусумҭақәа рзы аҵыхәтәажәа ауп. Хаҭала саргьы ахара ду сыдуп. Избан уажәраанӡа акциақәа реиҿкаара сзылымшеи? Сыбжьы раҳартә еиԥш сзымыҳәҳәоз? Уара утәқәа ирмаҳаргьы, атәымуаа ираҳартә еиԥш.

Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе исахьақәа рырхынҳәразы алшара ҳамаӡам. Ишәмаҳацзар ҟалап, аха иҳаҩсыз ашықәс азы Аилазаара «Аҟәафон» Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәак аахәаны ҳамҭас иҳанаҭеит. Ҳара урҭ ҳзеиқәмырхеит. Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе Аԥсныҟа иааишьҭыз 500 усумҭа рҟынтәи 226 сахьа ҳара ақырҭцәа рымхра ҳалшеит. Убринахыс ҳара уаҳа уи ихьӡ зху, иусумҭақәа ахьықәыргылахо џьара музеик аартра ҳалымшаӡеит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Уаанӡа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы  азинмчы змаз Асида Шьаҟрыл  ажьырныҳәамза 21 ауха иҟалаз ахҭыс ԥхьашьара дууп ҳәа ахылҳәааит.

 «Даара иуадаҩуп, ихьаауп, иԥхашьароуп иахьа араҟа ацәажәара. Иԥхашьароуп иахьатәи аамҭазы ари аҩыза ахьҳахьыз. Иҟалаз ахҭыс, –  ҳара ҳкультура, ҳҭоурых, ҳҭынха аганахьала иааҳарԥшыз зегь азеиԥшра, аҭакԥхықәрадара, арымарыдара иалҵәшәоуп. Сара иахьа арахь сзааиз  ҳаԥсамкәа иҳауз ҳсахьаҭыхыҩ дуӡӡа иҭынха ахьаҳзымыхьчаз азы аҭамзаара шьҭаҳҵарц азы.   Еиҵагылараны иҟоу абиԥара рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҳҵар ахәҭоуп абасала зегьы азеиԥшреи аҭакԥхықәрадареи ахьааҳарԥшыз азы», – ҳәа илҳәеит лара.

Амитинг ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

«Даанымхазар ҟалап аӡәгьы ари атрагедиа згәаҵанӡа имнеиз. Иахьа ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп адунеи зегьы аҿы иаанханы иҟоу Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе исахьақәа ԥшааны  реизгара азы. Ҳара ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәарала абылра аҿы еиқәхаз асахьақәа рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи алҳаршароуп. Ари дарбанызаалак атәыла Анапхгара ачынуаҩ уалны идуп», –  ҳәа иҳәеит Абесалом Кәарҷиа.

Асахьаҭыхыҩ Мадина Бигәаа ауаажәларра ирзеиҭалҳәеит лхьаа атәы: 

«Сара ҩымш агәкаҳара самҽханакуан, узықәгәыӷуа ҳәа акымзарак зыҟалом шьҭа ҳәа ахәыцрақәа сеимдырххон. Аха ахымш азы сара исгәалашәеит ахәыҷқәа шҳамоу, урҭ рзы ҳара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара ҳазхәыцроуп, агәыӷра ҳацәҳмырӡыроуп. Иахьа иҟалаз арыцҳара, – ари 30-шықәса ирылагӡаны иааҳарԥшыз аҭакԥхықәрадара, амалатәара иалҵшәахеит. Ҳара зегьы ахара ҳадуп!  Ҳара иаҳцәӡит 30 шықәса раԥхьа ҳабацәа, ҳашьцәа, ҳабдуцәа рхы зқәырҵоз зегьы. Ҳара иаҳхароу ҳдыруазар ахәҭоуп! Дмитри Лихачиов ианиаамҭаз иҳәахьан абас: «Акультура – ари атәылахьчаралшара ауп». Уи уиқәшаҳаҭымхар залшом», – ҳәа иазгәалҭеит Мадина Бигәааԥҳа.

Амитинг аҿы алахьеиқәҵаратә рыцхәны иҟалаз ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса, 4000 инареиҳаны асахьақәа ахьыҟаз Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа зегьы анацәыӡыз амш агәалашәаразы есышықәса, ажьырныҳәамза  21 аҽны, асахьаҭыхыҩ инышәынҭра аҿаԥхьа, мамзаргьы Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҿаԥхьа аизара азы ажәалагала ҟаҵан. 

 

 

 

 


Read 110 times - Ахаша, 24 Ажьырныҳәа 2024 19:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.