АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Ажьырныҳәа.2024

Урыстәылатәи ареставраторцәа ргәыԥ ажьырныҳәамза 25 рзы Аԥсныҟа иаауеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылара иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа рхыԥхьаӡареи урҭ рҭагылазаашьеи, иара убас асахьақәа ррестоврациа мҩаԥызго атәы ахаша, ажьырныҳәамза  24  рзы ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Сариа Маршьан.

Уи лажәақәа рыла, еиқәхаз асахьақәа ахьнагаз С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр ареквезиттә зал аҿы абар ҩымшуп урҭ реиқәыԥхьаӡара мҩаԥысуеижьҭеи.   Реиқәырхара алыршахеит 200 инарзынаԥшуа асахьаҭыхыҩцәа Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габлиа, Виссарион Ҵәыџьба рсахьақәа.  Асахьақәа рышәҟәҭагалара ашьҭахь И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахь ииагахоит.

«Ажьырныҳәамза 25 рзы Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова иҟалҵаз анапынҵа ала  Аԥсныҟа иаауеит И.Е. Грабарь ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхра ҭҵаарадырра-реставрациатә Центр ахаҭарнакцәа, Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырра-реставрациатә Институт, Третиаков ихьӡ зху агалереиа, Аурыс музеи рхаҭарнакцәа», - ҳәа илҳәеит лара.

Ареставрациатә усурақәа мҩаԥыслоит Амилаҭтә библиотека ауадақәа руак аҿы.


Read 426 times - Ахаша, 24 Ажьырныҳәа 2024 22:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.