АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ажьырныҳәа.2024

Лаша Ашәба Сергеи Бабурин 65-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа                                                                                            Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума I, II, IV ааԥхьара адепутат, азиндырратә наукақәа рдоктор, апрофессор Сергеи Бабурин 65-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 65-шықәса шәхыҵра шәыднаҳәалоит!

Шәара шәызнысыз шәыԥсҭазааратә мҩа зегьы Аԥсадгыьл амаҵзура, аҳәынҭқарреи ажәлари рыхьчара иазкуп Аԥсны Шәара ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара активла иадгыло иаҳасабала шәеицырдыруеит. Ҳара Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылара азҵаарақәа рҿы Шәара иаанышәкыло  еицамкуа апозициа акырӡа ҳаҭыр ҳзақәуп.

Аҳәынҭқарратә ахарахәыцреи атәылауаҩратә гәеицамкреи аринахысгьы Шәара шәыгәҭакқәа рынагӡараҿы ишәыцхраалааит.

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара аҭаацәараҿы аҳәоуеиқәшәара, агәамчи аинтерес зҵоу иҿыцу аихьӡарақәеи!».        


Read 203 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 19:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.