АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ажьырныҳәа.2024

Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә Аԥсны акультура ацхыраара аҭаразы аԥаратә хархәагақәа реизгара азы алаҳәара ҟарҵеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла акультура Аминистрреи уи иаҵанакуа аусбарҭақәа зегьи  рҿы аиашьаратә Аԥсны акультура ацхыраара аҭаразы аԥаратә хархәагақәа реизгара азы алаҳәара ҟарҵеит.

Ишдыру еиԥш, ажьырныҳәамза  21 ауха Аҟәа ақалақь, Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ахьышьҭаз асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы абылра ҟалеит. Иҟалаз арыцҳара иахҟьаны зеиҭашьақәыргылара   алымшо, зыхәшьара уадаҩу Аԥсны акультуратә ҭынха аӷьырак амца иалаблит. Ԥшьнызықь рҟынӡа инаӡоз аусумҭақәа рҟынтәи 200 усумҭа мацара еиқәхеит. Аԥсны иҟалаз ахҭыс атрагедиа аҳасабала иахәаԥшуеит.

Ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы аиашьаратә Республика Аԥсны иаиуз ацәыӡ аӡәыӡқәа рхарҭәаара залыршахом. Аха Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аусзуҩцәа Аԥсни уи ажәлари рзы иуадаҩу аамҭазы ацхыраара аҳасабала ирылшо рлагамҭа аҟаҵаразы агәҭакқәа рымоуп. Еизгахо аԥаратә хархәагақәа зегьы иҿыцу аекспонатқәа раахәаразы ацхыраара аҟаҵара иазкны иаату иҷыдоу ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡара иахыԥхьаӡалахоит.

Араҟа зыӡбахә ҳәоу афинанстә цхыраара мацара акәӡам.

Коста Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Тамерлан Ӡудцов еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аиашьаратә республика аҟынтәи иколлегацәа ирҭахьаз аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа ҩба Аԥсны акультура Аминистрра ҳамҭас ишаиҭо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.  

Акультура Аминистрра аԥснытәи аҟазацәа русумҭақәа змоу Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа, хәыда-ԥсада аԥснытәи аган иарҭарц азы аҳәамҭа ҟанаҵоит.

«Аиашьаратә республика акыршықәсатәи аус ацура иалагӡаны, агәра ганы ҳаҟоуп аахыҵ-уаԥстәылатәи рколлегацәа имаҷымкәа аҳамҭақәа рырҭахьан. Шәааи, ари иуадаҩу аамҭазы ҳаиашьаратә жәлари уи акультуреи иҳалшо ала ҳрыцхраап!» - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.


Read 73 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 21:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.