АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ажьырныҳәа.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу Анас Кьышьмариа Аԥсны атәылауаа аҳәааҿы раанкылара аганахьла аилыркаагақәа раиуразы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахь азыҳәамҭа налышьҭит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Ажьырныҳәамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу анонимла  ԥыҭҩык Аԥсны атәылауаа аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аҿы аҳәаатә гәаҭара ахысразы иахәҭоу аамҭа ахыхь раанкылара азы аинформациа ахәшьара аҭаразы илыдҵаалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аомбудсмен лаппарат.

Анас  Кьышьариа илыдҵаалаз рыхьӡи рыжәлеи шаргамамхо агәра дырганы лара лхаҭагьы Аԥсны атәылауаҩык аҳәааҿы иаанкыларазы аинформациа шлымоу азы  адырра ҟалҵеит. Иарбоу ахаҿы ажьырныҳәамза 16,  2024 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы иахь ашәҟәы ишьҭит.

Ахәҭакахьала, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу Анас Кьышьмариа илыдҵаалаз ауаа ажьырныҳәамза 25 рзы лара иарбоу ахҭыси иара убас аинтернет аҿы иаларҵәахаз аиԥш-зеиԥшу ахҭысқәеи рзы аилыркаара аиуразы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы иахь азыҳәамҭа шдәықәылҵаз азы адырра рылҭеит. Иара убас Анас Кьышьмариа иарбоу азҵаара ала лара амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа лыдымҵаалаӡацт ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. 

 


Read 78 times - Ахаша, 31 Ажьырныҳәа 2024 22:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.