АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Жәабран.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аекономика Аминистрра аҿаԥхьа 2024 шықәса рзы хшыҩзышьҭра ззыруша азҵаарақәа ықәиргылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпрсс.  Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023ш. рзы атәыла аекономикатә ҿиара алҵшәақәа ирызкны аекономика аминистр Кристина Озган иҟалҵаз аҳасабырба идикылеит.

«Аҳасабырба исыдыжәгалаз збеит. Ишдыру еиԥш, аштатә еихашнҵаҟны аԥсахрақәа ҟалеит, аусура ахәҭак афымцамчи атранспорти рминистрра ҿыц иадҵоуп. Убри аан, аминистрра ароль хада ԥсахрада иаанхоит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, аминистрра аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа азгәаҭо, урҭ 2024 шықәсазы аҿиара роуроуп.

Аслан Бжьаниа иаҵшьны ишазгеиҭаз ала, ари аҳәынҭқарра-економикатә политика аҳәаақәҵароуп, ҳҳәынҭқарра аекономика аҿиара ҭышәынтәаланы амҩаԥысра  иацхраауеит,  амилаҭтә економика аҭагылазаашьа анализ азура, иагу-иабзоу ацәыргара, арҭ апроблемақәа рыӡбаразы мҩақәас иҟоу рцәыргароуп изызку.

Иазгәаҭан амилаҭтә мазара лыҵшәа бзиала напхгара рыҭара алзыршо  аҭагылазаашьақәа раԥҵараҟны ауадаҩрақәа шыҟоу.

Ахада аекономика Аминистрра аҿаԥхьа 2024 шықәса рзы хшыҩзышьҭра ззыруша азҵаарақәа ықәиргылеит. Ари:

- адгьылҵакырақәа, аекономика аҟәшақәа рыҿиара алзыршо апрограммақәа разырхиароуп,

- аҳәынҭқарратә инвестициатә политика апринципқәа аус рыдулароуп,

- зхы иақәиҭу анаплакра амҩаԥгаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵароуп,

- абжьаратәи абизнес маҷи рсубиектқәа адгылара рыҭара, рҳәаақәҵара ауп,

-  аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа радԥхьалара,

-  аекономика ахырхарҭа хадақәа акадрқәа рыла реиқәыршәароуп.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ихадароу хырхарҭаны атуристтә индустриа, асубтропикатә қыҭанхамҩа, атранспорттә логистикатә каҭа, аиҭаусадуларатә қыҭанхамҩа рырҿиара. "Ҳара раԥхьа иргыланы иаҳҭаху - аԥсабара ахьчареи аекологиатә нормақәа реиламгареи роуп", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Анаҩс, аҳәынҭқарра Ахада азҵаара шьҭихит аусурҭа ҭыԥқәа рызҵаара. Иара иажәақәа рыла, ари ахырхарҭала иҟоу аҭагылазаашьа мариаӡам.  «Акыршықәса  раахыс 45 000 усуратә ҭыԥ ҳзырхымсит».

Иахьазы атәылаҟны 120 000 –ҩык рҟынӡа ыҟоуп аусура зылшо ауаа.

Ахада аекономика аминистр длызҵааит Аԥсны арегионқәа рыҟны аекономика аҿиареи иҟоу адисбаланси раԥыхразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу азы.

Иалкаан ирзааҭгылан  Аԥсны асоциал-економика аҿиара иадҳәалоу аинвестициатә программа амҩаԥысшьа азҵаарақәа. Ахада дазҵааит уи мҽхакы ҭбаала анагӡара ахьалыршам мзызс иамоу. Кристина Озган лажәақәа рыла, ииасуа ацәынха аицҵалыҵ 229 млн.мааҭ аҟазаара ашықәс анҵәамҭазы афинанстә цхыраара амҽхак ариашара иазкны имҩаԥгаз аусура иахҟьеит.

«Убри анаҩс, ареспублика  фымцамчла аиқәыршәара азҵаарақәа инарымаданы азыӡба рыдкылан ԥхынҷкәынмза 26 рзы, афинансзоужьра ҟалеит ԥхынҷкәынмза 29 рзы, убри аҟынтә иаанхаз ахәҭак хархәара аиуртә изыҟамлеит.  74 млн. мааҭ артәоит ашықәс анҵәамҭазы имҩаԥгаз аусурақәа. Иара убас имҩаԥган Аинвесипрограмма аиҭакрақәа ралагалара. Иааидкыланы, ԥасатәи апрограммақәа рцәынхақәа зегьы, шамахамзар 99% рыла хархәара роуит», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.

Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр ҷыдала лыхшыҩ азишьҭит   ареспублика аҿиараҟны аусбарҭа инанагӡо ароль хада.

«Иҟаӡам даҽа усбарҭа шәара шәтәеиԥш, абас ганрацәала еибарку ауснагӡатә зҿаԥхьа иқәгылоу», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, абри ашьҭахь аҳәынҭқарратә економикатә политика анагӡара иазку анапынҵақәа жәпакы лиҭеит. Аҳәынҭқарратә инвестициақәа аекономикеи ақыҭанхамҩеи русхкқәа рышҟа ишьҭуп, ари аҩыза уаанӡа иҟамызт. Арҭ зегьы еизырҳатәуп. Аԥыжәара рымазароуп, ҳәарада, хазхаҭалатәи аинвестициақәа радыԥхьалара", - иҳәеит Ахада. «Амилаҭтә економика  аҭагылазаашьа  анализ атәы анаҳҳәо – ари атәыла зегьы аҟны иааидкыланы аекономика зегьы аҭагылазаашьа ауп, убри аҟнытә ҳҿаԥхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа нагӡазароуп",- ҳәа иациҵеит  Аҳәынҭқарра  Ахада.

 

 

 

 


Read 118 times - Ахәаша, 02 Жәабран 2024 12:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.