АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жәабран.2024

Амилаҭтә сахьатә галереиа аҩбатәи аихагыла ҳазҭоу ашықәс азы еиҭашьақәыргылахоит.

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Пушкин имҩала иҟоу Амилаҭтә сахьатә галереиа аҩбатәи аихагыла ҳазҭоу ашықәс азы еиҭашьақәыргылахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура. 

Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идҵа ала Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа аҩны №8 ала иҟоу Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбраҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥысит.

Аҳәынҭқарратә еилазаара «Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба абылра иацәынхаз аусумҭақәа рышьҭаҵара азы агалереиа ахыбра аҩбатәи аихагыла аиҭашьақәыргылара азы хадара злоу аԥхьанатә инагӡахо ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит:

«Аԥыза-министр инапынҵала ҳара ахыбра аҭагылазаашьа гәаҳҭарц иахьа арахь ҳааит.  Ари ҳаԥхьаҟа Амилаҭтә сахьатә галереианы иҟалараны иҟоу ауп. Уажәы ҳара иалаҳхараны ҳаҟоуп абылра иацәынхази асахьақәеи иаархәараны иҟоу аусмҭақәеи ахьышьҭаҵахо, насгьы агалереиа аусзуҩцәа ахьыҩнатәо ҩба-хԥа уада.

Уажәы апроект-харџьынҵатә документациа аиқәыршәара мҩаԥысуеит, аекспертиза мҩаԥгахоит.  Уи зегьы ҳара ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны имҩаԥаагароуп. Макьаназы ҳара актәи аихагыла аҿы ҩба-хԥа уада еиқәҳаршәароуп. Уи ауп аԥхьанатә иҟаҳҵараны иҟоу».

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гарик Сангәылиа, Аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара» адиректор  Хада  Руслан Тәанба, Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа, Ареспублика Аԥсны шьаҭанкылатәи аргылара  Аусбарҭа ахаҭарнакцәа.


Read 258 times - Ахәаша, 02 Жәабран 2024 16:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.