АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жәабран.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» аҿы Ленинград ақалақь анемецтә блокада аҟынтәи ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, жәабранмза 2 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» аҿы  Ленинград ақалақь анемецтә блокада аҟынтәи инагӡаны ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.

А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи 14-тәи абжьаратәи ашколи  Даур Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратәи ашколи аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, анаҩс  Москва Аҩны аҿы еиҿкааз алекциеи афотоцәыргақәҵеи ирҭааит. 

Аблокада иҭакыз Ленинград ақалақь азы алекциа ала ашколхәыҷқәа рҿаԥхьа дықәгылеит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, адоцент, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет Урыстәыла аҭоурых акафедра аиҳабы Резо Кациа.

Аусмҩаԥгатә алахәылацәеи асасцәеи агәаларшәагатә  ҳамҭақәа  роуит.

Аусмҩаԥгатә Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартамент, Москватәи аидгьылуаҩ Иҩни Аҳәынҭқарратә Автономтә Усбарҭа «Москватәи аидгьылуаҩ Иҩны» аҿга «Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩни» рыла еиҿкаахеит.


Read 204 times - Асабша, 03 Жәабран 2024 17:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.