АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Жәабран.2024

Амилаҭтә галереиа аиқәырхоу асахьақәа рконсервациа актәи ахәҭа хыркәшахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи ареставраторцәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылраан еиқәхаз асахьақәа реиқәырхара актәи аетап хдыркәшеит. Абри азы Sputnik-Аԥсны акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа.

«Урыстәылатәи ареставраторцәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амца анакыз зеиқәырхара алшаз аусумҭақәа аус рыдулара хдыркәшеит. Абри аамҭала арестовраторцәа ирылшеит 80% сахьа аконсервациа рзура. Раԥхьатәи аусурахь иаҵанакуеит ашәыгақәа, ақәнышқәа уаҳа иԥхасҭамхарц азы аконсервациа рзура. Арестовраторцәа ахьынҭәаашьҭу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аусумҭақәа еиҳа инарҵауланы аус рыдуларазы рыдкылара иақәшаҳаҭхар, уахь ишьҭтәны иаҳшьо асахьақәа алаҳхуеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ареставрациатә усурақәа Аԥсынгьы имҩаԥысуеит. Араҟагьы иҟоуп аԥхасҭа зауыз асахьақәа реиҭашьақәыргылара азы иҷыдоу адыррақәа змоу хҩык аҟазауаа. Уи азы дара ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа иҳәеит Амилаҭтә галереиа адиректор.

«Хәызмоу арҿиамҭақәа ишабалак аҳәаа рахыгара ҟалом. Сара 2015 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз ацәыргақәҵахь усумҭақәак ииазгеит. Уи аганахь ала аԥышәа сымоуп. Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә усҳәарҭақәа рыбжьара иахәҭаны иҟоу аиқәшаҳаҭра ҟалар, иалшоит аамҭа мгакәа урҭ Урыстәылаҟа рнагара. Аха иазгәасҭар сҭахуп, асахьақәа хымԥада иҷыдоу амашьынақәа рыла имҩаԥгатәуп, мап анакәха, асахьақәа зламҩанырго атранспорт аҿы иахәҭаны ишьоу аҭагылазаашьа аԥҵамхар, урҭ еиҳагьы иԥхасҭахар алшоит»,- ҳәа иҳәеит Амиаҭтә сахьатә галереиа адиректор.

«Амашьынаҿы иҷыдоу амикроклимат аԥҵамхар ашәыгатә ҿысҭақәа ԥхасҭахоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит  Сурам Сақаниа.

Аԥсны аус зуаз ареставраторцәа ареспубликахь асахьақәа рҭагылазаашьа зныԥшуа аҳасабырбақәа аарышьҭроуп. Урҭ адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны ԥхьаҟатәи аусура атәы ӡбахоит ҳәа инаҵшьны иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор.

«Иҟалоит аилаӡара ашьаҭала еиҭа иаауа ҟалар. Аха еиҭасҳәахуеит, аусураз аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп. Уи ауада ҭбаа, иҷыдоу арлашаратә системақәа уҳәа аҭахуп», - ҳәа иҳәеит Сурам Сақаниа.

 


Read 74 times - Асабша, 03 Жәабран 2024 18:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.