АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жәабран.2024

45 шықәса раԥхьа Аҟәатәи арҵаҩратә Институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ҳәа еиҭарҿиан.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  45 шықәса раԥхьа,  жәабранмза 5, 1979 шықәса рзы А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ҳәа аиҭарҿиара мҩаԥысит.

1979 шықәсазы Арҵаҩратә Институт  аҳәынҭқарратә Университет ҳәа аиҭарҿиара  - ари аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалҵшәаны иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс ауп.

Ауниверситет раԥхьатәи аректорс дҟалеит аҭоурыхҭҵааратә наукақәа рдоктор Зураб Вианор-иԥа Анчабаӡе.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет 1932 шықәсазы иаартыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт ашьаҭала еиҿкаан. 1932 шықәсазы Аԥсны аҵарадырра Жәлар Ркомиссиариат  Ақәҵарала иаартын М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт, уи раԥхьатәи адиректорс дыҟан Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа.  Х-факультетк: агро-биологиатә, афизика-математикатә, ауаажәларра-литературатә факультетқәа рыҟны аҵара рҵон 85- ҩык астудентцәа.  Аинститут аҿы зынӡа иҟан х-кафедрак, аус зуаз рхыԥхьаӡара 17-ҩык рҟынӡа инаӡон.  

Иахьатәи амш азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иҟоуп 9 факультетк:

афизика-математикатә, абиологиа-географиатә,  аҭоурыхҭҵааратә, афилологиатә, азиндырратә, (аиуристтә), аекономикатә, арҵаҩратә, агро-нџьныртә, аҟазарақәа рфакультет, иара убас 42 кафедра, араҟа абакалавриат, аспециалитет , амагистратура, аспирантура, уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла акадрқәа разыҟаҵара аҩаӡаратә система анагӡара мҩаԥысуеит;

2 500-ҩык инареиҳаны астудентцәа, аҳәаанырцәтәиқәагьы уахь иналаҵаны, араҟа аҵара рҵоит;

Адиссертациатә хеилакқәа аус руеит; анаукатә ҭҵаарақәа реиҳарак аматематика, абиологиа, аекологиа, аԥсуаҭҵаара иазку адисциплинақәа, археологиа, апедагогика, уҳәа ирызкуп.  Ауниверситет аҿы аус ауеит Д. И.Гәлиа ихьӡ зху абиблиотека;

Аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи рзанааҭтә дыррра аҩаӡара ашьҭыхреи рзы Ареспубликатә Центр;

Анарҭҵаареи афольклористикеи рыҭҵаарадырратә  Центр;

Аинформациа-ԥхьаӡаратә  Центри Апресс-центри;

Жәларбжьаратәи аҟәша;

агазеҭ «Аԥсуа университет».

Аҵараиурҭа аҭоурых аҟынтәи фактқәак:

1936 шықәсазы иаушьҭын Аинститут раԥхьатәи аушьҭымҭацәа.  

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагаанӡа Аинститут аҿы аус ауан быжь-факультетк: афизика-математикатә, абызшәеи алитературеи рфакультет, аҭоурых, агеографиа, аԥсабарадырра, аҳәаанырцәтәи абызшәақәа, абаҩарҵәыреи аспорти рфакультетқәа. Аинститут аҿы аҵара рҵон 2076-ҩык астудентцәа, аус руан – 103-ҩык.  

500-ҩык инареиҳаны астудентцәеи арҵаҩцәеи Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, 160-ҩык аорденқәеи амедалқәеи ранашьоуп.  

1946 шықәсазы Аинститут аҟны абарҭ азанааҭқәа рыла аспирантура аартын: аматематикатә анализ,  афизикатә географиа, Асовет Еидгыла аҭоурых, иҿыцу аҭоурых, ақырҭуа бызшәа, ақырҭуа литература.

1954 шықәсазы абызшәеи алитературеи рфакультет аҿы иаартын  аԥсуа сектор, араҟа разыҟаҵара иалагеит аԥсуа школқәа рзы аспециалистцәа.

1956 шықәсазы иаԥҵан аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра, акафедра анапхгаҩыс дҟалеит Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл.  

1983 шықәсазы ауниверситет акорпус ҿыц аусура иалагеит  (уажәы – Ажәанба имҩа аҩ. № 9).

1989 шықәсазы ААУ амилаҭтә ҟазшьа ала аиҟәшара ҟалеит.  Қырҭтәыла Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала ААУ ақырҭуа сектор абазаҿы  иаԥҵан Қарҭтәи аҳәынҭқарратә Университет Аҟәатәи аҿга.

1992-1993 шш. Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан  94-ҩык ААУ астудентцәеи арҵаҩцәеи Аԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит.

Абҵарамза 1993 шықәсазы ААУ аусура еиҭашьақәыгылахеит ԥыхьатәи Асубтропикатә нхамҩазы Қырҭтәылатәи Аинститут ахыбра аҿы.   

ААУ Евразиатәи ауниверситетқәа Рассоциациа иалалеит.  2006 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада С.У.Багаԥшь «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет автономтә статус аҭаразы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит;

2015 шықәсазы ААУ Оксфордтәи Академиатә Еидгыла ахь ирыдыркылеит, Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа ари Аидгыла Ахеилак алахәылас далхын.

2016 шықәсазы аҵараиурҭа апедагогикатә факультет аҟны иаатит аҟазарақәа рыҟәша.

2018 шықәсазы иаатит 200-ҩык зкуа ААУ астудентцәа реиланхарҭа ҿыц.   Жьҭаарамза 7, 2022 шықәсазы ААУ аҵарауаа Рхеилак аӡбамҭала аҟазарақәа рыҟәша аҟазарақәа рфакультет ҳәа иԥсаххеит.

2023 шықәсазы ААУ аҿы «академиатә хор адирижиор» ҳәа иҿыцу азанааҭҵара аатит.

 

 

 

 

 


Read 151 times - Ашәахьа, 05 Жәабран 2024 12:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.