АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жәабран.2024

Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы акадртә проблема аӡбаразы аҳақьымцәа реиҭныԥсахлара амҩаԥгаразы ажәалагала ҟаҵоуп.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ареспублика ақалақьтәии араионтәии ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аилатәара амшхәаԥштә зҵаараны иқәгылаз иреиоуп Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьақәгылаз акадртә проблема аӡбара азҵаара.

Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым Хада Индира Арсалиа лажәақәа рыла, аиҳарак ахирургиатә маҵзура аҿы аҳақьымцәа разымхара ыҟоуп. Уажәы ахәышәтәырҭа аҿы аус руеит х-ҩык ахирургцәа, урҭ руаӡәк хара имгакәа дцараны дыҟоуп. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада иамоу ақәыӷәӷәара  маҷӡам, аиҳарак аԥхынтәи аамҭахәҭа, акурортә сезон азы.  Ҳара хымԥада ацхыраара ҳҭахуп», - ҳәа илҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада Индира Арсалиа.

Едуард Быҭәба ари аҭагылазаашьа излауа ала ирласны аӡбара алыршатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Ҳара акадрқәа реиҭныԥсахлара, даҽакала иуҳәозар рротациа амҩаԥгара ҳхы иаҳархәоит. Уи аҟара ахирургиатә қәыӷәӷәара ахьырацәам ҳаҳҭнықалақьтәи ахәышәтәырҭақәа рҿы ахирургцәа ыҟоуп. Аграфик шьақәыргылатәхоит. Ҳара Гагра ахирургиатә маҵзура аусура арԥсыҽра алҳмыршароуп», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Едуард Быҭәба иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатә аус адулареи аиҿкаареи анаҩс анагӡареи ихаҭыԥуаҩ Саида Делба илыдиҵеит.

Аилатәара иалахәыз иара убас акардиологиатә маҵзура аҭагылазаашьа арҽеира, аамҭа-аамҭала, ҭыԥ-ҭыԥла афымцамч арцәара инамаданы амедицинатә усбарҭақәа афымцамч ала реиқәыршәара, ибжьаратәу амедицинатә персонал рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рыбжьара азанааҭхырхарҭатә усура арӷәӷәара, уҳәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

«Жәаҳәарада, иахьа амедицинатә кадрқәа разымхара аганахьала иҟоу апроблема еиҳа еиӷьуп, уаанӡа, шықәсқәак раԥхьа иҟаз аасҭа, аха уеизгьы уи макьаназы инагӡаны иӡбамкәа иаанханы иҟоуп. Сара сгәаанагарала  аспециалист ҿарацәа рыбжьара азанааҭхырхарҭатә усура азнеишьа аԥсахра аҭахны иҟоуп. Арҭ ауснагӡатәқәа ҳаԥхьаҟа иҳақьымхараны иҟоу рзанааҭтә хдырра еиҳа ииашаны ашьақәыргылара иацхраауеит. Аҳақьым хадацәа ражәалагалақәа зегьы хымԥада ҳахәаԥшуеит, иҭаҳҵаауеит иааиуа ҳаиԥылара аҿы», - ҳәа аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.


Read 194 times - Ашәахьа, 05 Жәабран 2024 19:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.