АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2024

Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Абхазия. Тамыш-Village 2024» мҩаԥыслоит жәабранмза 16 – 18 рзы.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 16-18 рзы Тамшь ақыҭан имҩаԥыслоит  III Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Абхазия. Тамыш-Village 2024».

Аицлабрақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны х-турнирк мҩаԥысуеит: атурнир А (ихадоу), атурнир МД 8 (2016 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбуи алахәылацәа злаху), атурнир МД 12 (2012 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбуи алахәылацәа злаху).

Атурнирқәа ФИДЕ аԥҟарақәа рыла, швеицариатәи асистемеи акомпиутертә аҵәҭаԥсаралеи имҩаԥысуеит.

Аамҭа агәаҭара: актәи аныҟәара инаркны аныҟәарақәа зегьы рзы 10 минуҭк + 5 секундк азоужьхоит.

Атурнир А  иалагалоуп – 9 турк, ахәыҷтәы турнирқәа  – 7 турк.

Аӡбаҩ хада – Ареспублика Аԥсны I акатегориа змоу аӡбаҩ Оҭари Хәырхәмал.

 


Read 130 times - Ахаша, 07 Жәабран 2024 12:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.