АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Жәабран.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла усуратә визитла иҟазаараан аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаараан  имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи Аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа.

Еиԥылеит Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки, Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетники, Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфиловеи.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас диԥылеит Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы Даниил Егоров.

Аиҿцәажәарақәа раан ирылацәажәеит ҩ-ганктәи аусура ахьымҩаԥысуа асоциал-економикатәи афымцамчи русхк аҟны азҵаарақәа жәпакы.

 

 


Read 195 times - Аԥшьаша, 08 Жәабран 2024 21:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.