АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2024

2023 шықәсазы Аԥснынтәи иалганы иргеит 200 тонна амимоза.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амимоза раԥхьатәи апартиақәа Аԥснынтәи експортла Урыстәылаҟа адәықәҵара иалагеит.

Раԥхьатәи «ашәҭтә» декларациа 150 кьыла ашәҭ азы иалаҵан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура. 2023 шықәсазы Аԥснытәи иалганы иргеит рекордла зхыԥхьаӡара рацәоу 200 тонна рҟынӡа «ахьтәы» ашәҭшьыҵәрақәа. Бжьаратәла асезон аҩныҵҟа Урыстәылаҟа инагахоит  150 тонн амимоза.

Ишьақәгылаз амш ԥхаррақәа инарымаданы ашәҭтә сезон ҵыԥх еиԥш сынтәагьы заа иалагеит – жәабран раԥхьатәи амшқәа рзы. Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы арҭ ашәҭқәа аиагара иалагон амыз аҩшамҭазы.

Амимоза аиҳарак аигара азԥхьагәаҭоуп жәабранмза анҵәамҭа инаркны хәажәкырамза раԥхьатәи амшқәа рҟынӡа. Амимоза Урыстәылаҟа акоммерциатә партиақәа рыла еиԥш, идуум ашәҭшьыҵәрақәа рыла рхатәы ҭаххрақәа рзы иргоит. Атауартә ԥшра аиқәырхаразы арҭ акыр иҟәымшәышәу, иуашәшәыроу ашәҭқәа транспортла рыиагараан иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵазароуп. Амимоза аҳауа зҭамло еилаҳәаны акаробкақәа ирҭарҵоит, анаҩс илаҟу атемпературатә режим ала ииаргоит. Ашәҭтә еидара аамҭа кьаҿ иалагӡаны егьырҭ аидарақәа раԥхьа аҳазалхратә гәаҭара иахысуеит.


Read 153 times - Асабша, 10 Жәабран 2024 16:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.