АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Аԥшьаша, 19 Рашәара 2025

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. ААУ имҩаԥысит Ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа - 2025» аҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауниверситет а-Телеграм-канал.

Аолимпиада аихшьаалақәа рыла 26-ҩык аиааира ргеит,  15-ҩык ашколхәыҷқәа – араӡнытә аԥхьахәқәа ргеит, 12-ҩык –  араӡнытә аԥхьахәқәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь акомпиутертә томограф аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара Аминистрра.

Аппарат Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 апандемиа аамҭазы уи иамаз аидара хьанҭа иахҟьаны иԥхасҭахеит.  Амаруга шықәсыки бжаки раахыс аус ауӡомызт — уи арентген-мҩангага ԥхасҭахеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз адҵала атомограф аиҭашьақәырыгылареи уи иԥхасҭахаз ахәҭа аахәареи рзы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 11 миллион мааҭ азоужьын.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 19 июня 2025. Апсныпресс. В гудаутской Центральной районной больнице отремонтировали и ввели в эксплуатацию компьютерный томограф. 

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза  20 – 21 рзы Ф.А.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы Агата Кристи еицырдыруа лдетективтә пиеса ала урыстәылатәи арежиссиор Андреи Сидельников иқәиргылаз аспектакль «Аҳәынаԥшьыга» («Мышеловка»)аԥхьарбара  мҩаԥысуеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәоуп. Рашәара 16 рзы уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.