АИААИРА |

Items filtered by date: Ахәаша, 11 Ԥхынгәы 2025

Сухум. 11 июля 2025. Апсныпресс. Президент Республики Абхазия Бадра Гунба и Первый заместитель Руководителя Администрации Президента РФ Сергей Кириенко посетили Абхазский многоотраслевой колледж в Сухуме.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь иаҭааит.

Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои аклассқәеи аҟазарҭақәеи гәарҭеит, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәажәеит.

Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи аколлеџь адиректор Џьумбер Мышәбеи аҵараиурҭа ҳаамҭазы инанагӡо аусура атәы иалацәажәеит, астудентцәа разыҟаҵара ихадоу ахырхарҭақәеи аҿиара аперспективақәеи ирзааҭгылеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә сахьатә галереиа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара амҩаԥгара ашьҭахь иаатит.

Агалереиа аартра иадҳәалоу ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Урыстәыла акультура аминистр ицхырааҩ  Павел Карташиов.

Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи УА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ЗҲӘА «Гәдоуҭатәи арыжәтәқәа рзауад «Кристалл» аргылара ахьымҩаԥысуа аҭыԥ иахәаԥшны ирбеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи УА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Самара ақалақь ахада Иван Носкови Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба дрыцны Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы инеины игәарҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа ркаҩҩ ду, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа (1874 – 1960) аҵыхәтәантәи ишықәсқәа рзы дахьынхоз Агәыӡера аҳаблан  ихатә ҩны ахьгылаз аҭыԥ аҿы ишьақәыргылаз амемориалтә ӷәы еиҭашьақәыргылахеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Д. И. Гәлиа илитература-мемориалтә ҩны-амузеи аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Иҷыдоу арратә операциааан иҭахаз Феликс Ӷәазаа анышә дахьамадоу Џьырхәа ақыҭан иԥсыжырҭаҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Феликс Ӷәазаа дҭахеит 2024 шықәса, лаҵарамзазы, Донецктәи Жәлартә республикаҟны аибашьратә дҵа анагӡараан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иира Амш идиныҳәалеит.

«Даара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи ҳтәылақәа реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рыла ишьаҭарку аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи рзы хаҭала Шәара шәлагала.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 11 июля 2025. Апсныпресс. Премьер-министр Владимир Делба поздравил министра экономического развития России  Максима Решетникова с днем рождения.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аԥхынразы Аԥсны аусуразы иааны иҟоу урыстәылатәи аҳақьымцәеи еиԥылеит.

Аиԥылара иара убас далахәын АА Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуард.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.