Уаанӡа иҟаз амемориалтә ӷәы авандалцәа иԥырҽит.
Агәалашәаратә ӷәы иара убас ишьақәдыргылеит апоет Константин Симонов (1915 – 1979 шш.). ԥыхьа дахьынхоз иҩны ахьгылаз аҭыԥ аҿы. Амузеи аусзуҩцәа агәыӷра рымоуп ԥыҭрак ашьҭахь Константин Симонов идача аиҭашьақәыргылара шзадыршахо, аурыс шәҟәыҩҩы иԥсҭазаашьа аҭааҩцәа ирзеиҭарҳәартә еиԥш уахь аекскурсиақәа рымҩаԥгара шеиҿкаахо.