pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақалақь Ҭҟәарчал 82-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа Ахьӡ-Аԥша Аллеиа аҿы Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит.  Анаҩс урҭ ирыцҵахеит акультура Ахан аҿы. 

Ҭҟәарчалаа дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа. Уи Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.  Уи атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Ҭҟәарчалаа! Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит акыр зҵазкуа ахҭыс – Ақалақь-Фырхаҵа Ҭҟәарчал 82- шықәса ахыҵра! Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы зышьаҭа аркыз ари ақалақь, аамҭа кьаҿ иалагӡаны убла хызхуа ашьхара иаԥну анхарҭаҭыԥ аҟынтәи идуу ааглыхратә центрны иҟалеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан  Ҭҟәарчал ҳажәлар ракзаареи реидгылареи рхачҳареи иасимволны иҟалеит.  

Ақалақь ауааԥсыра, агәеицамкреи афырхаҵареи аарԥшны аӷа иҿагылеит, араҟа ахыҵакырҭа рыԥшааит хыԥхьаӡара рацәала мрагыларатәи Аԥсны ақыҭақәа рҟынтәи ахҵәацәа. Ари афырхаҵара наунагӡа ҳҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет аректор, афизика-математикатә наукақәа рдоктор, Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик Виктор Садовничи ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу Виктор Антон-иԥа. Ареспублика Аԥсны Анапхгара ахьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит 85-шықәса шәхыҵра Амш.

Гәык-ԥсыкала анаука азааԥсара, иреиҳаӡоу ашкол, иааизакны аҵарадырра аҿиара аҿы шәлагалеи шәеихьӡара дуқәеи шәыуаҩышьеи шәаамсҭашәареи рзы Шәара Урыстәыла адагьы уи хара анҭыҵгьы аҳаҭыри апатуи шәырҳаит.    

Акыр ахә ҳаракны иаҳшьоит хаҭала Шәара Ареспублика Аԥсны азы ззанааҭдырра ҳараку аспециалистцәа  разыҟаҵара аганахьала ишәылшәыршаз аус. Адунеи аҿы иԥхьагылоу иреиҳаӡоу аҵарадырра ацентрқәа иреиуоу Москватәи аҳәынҭқарратә Университет иреиӷьу аушьҭымҭацәа рабиԥарақәа ироуз хәызмаӡам адыррақәа рхы иархәаны аԥснытәи аекономикеи асоциалтә усхкқәеи аҵарадырра асистемеи аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи рҿы қәҿиарала аус руеит.  Иахьагьы, Шәара иҟашәҵо адгыларала, Москватәи ауниверситет аҿы аҵара рҵоит аҟыбаҩ злоу  ҳара ҳџьынџьуаа – ҳаԥхьаҟа аҿиарамҩа иану Аԥсны  азы акырӡа зҵазкраны иҟоу амилаҭтә кадрқәа.  

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мадина Аҩӡԥҳа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аиустициа Аминистрра  «Аполитикатә партиақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан еилазгаз аполитикатә партиақәа ԥшьба шәҟәыла агәҽанызаара рынаҭеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.

Шәҟәыла агәҽанызаара рыҭоуп:

- Аполитикатә партиа «Аинар»,

- Ареспубликатә политикатә партиа «Акзаара»;

- Аполитикатә партиа «Аԥсны»,

- «Аԥсны аекономикатә ҿиара» Апартиа.

Азакәанԥҵара аилагара, азакәан ишьақәнаргыло аҽҳәара иалагӡаны афинанстә ҳасабырба, аполитикатә партиа атерриториалтә ҟәшақәа зегьы рҿы алахәылацәа рхыԥхьаӡара азы аинформациа, есымша аус зуа анапхгаратә усбарҭа аҟазаара аҭыԥ арбарала апартиа аусура ацҵара азы адырра, уҳәа аинформациа  Аминистрра ахь анамгара ала  иаарԥшхеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы Аԥсны аминистрцәа Реилазаареи Ареспублика Ҟрым аминистрцәа Реилазаареи рыбжьара анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара мҩаԥысит аҩаша, мшаԥымза  9 рзы.

Аԥсуа ган аҟынтәи акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти  рминистр Џьансыхә Нанба, Ҟрым аганахьала – Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра акомпозиторцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Пиотр Дмитри-иԥа Петров ииубилеитә концерт мҩаԥгахоит мшаԥымза 18 рзы, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.

Аҳәынҭқарратә камертә оркестр ала еиҿкаахо аиубилеитә концерт акомпозиор 75-шықәса ихыҵра иазкхоит. Аиубилеитә хәылԥазы рхы аладырхәраны иҟоуп акомпозитор Пиотр Петров ихаҭа, Артак Агаджаниан - атруба, Нана Черқьезиа - сопрано, Анастасиа Курочкина -флеита, Вера Ҳагба – аскрипка. Аиубилеитә хәылԥазы иалахәхоит иара убас Аҳәынҭқарратә камертә оркестр. Уи анапхгаҩыс дамоуп Адам Ҳагба.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Инал Гаделиа аиааира игеит, Анастасиа Погосова араӡнытә медал ланашьахеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ А.Ф. Малина игәалашәара иазкны Тамбов ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  аҳәсеи ахацәеи рыбжьара аӡиудо азы Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Инал Гаделиа  акапантә категориа 100 кьылак рҟынӡа иҟоу иаҵанакуа  рыбжьара дықәгылон, Анастасиа Погосова –  52 кьыла иҟоу рыбжьара.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   50 шықәса раԥхьа, мшаԥымза  7, 1974 шықәса рзы акыр шықәса анызҵыз аԥсуа быргцәа рансамбль «Нарҭаа» Венгриа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи авокалтә коллективқәа рфольклортә конкурс аҿы иреиҳаӡоу аҳамҭа «Ахьтәы ԥсаркәты» анашьахеит.

Аԥсны акыр шықәса анызҵыз абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» раԥхьа иаԥҵан 1948 шықәса рзы акомпозитор Иван Кортуа ила, анаҩс уи напхгара аиҭон акомпозитор Кәасҭа Ченгелиа.  Ансамбль Аԥсны еиԥш уи хара анҭыҵгьы, Асовет Еидгыла зегьы аҿы еицырдыруан. Уи иалахәыз артистцәа 70 шықәса инаркны 130 шықәса рҟынӡа рхыҵуан.  

«Мшаԥымза, 1974 шықәса рзы аԥснытәи абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» аӡбахә Европа иалаҩит, избан акәзар уи иаиуит аҳамҭа хада – «Ахьтәы ԥсаркәтәы».  Аԥсны жәлар зегьы уи гәырӷьара дуны ирзыҟалеит, уимоу ачынуаагьы аиааирагаҩцәа ҳаҭырла ирԥылон, гәыкала реихьӡарақәа иреигәырӷьон», –  ҳәа ишәҟәы «Поёт ансамбль долгожителей «Нартаа»» аҿы иҩуан Алеқсеи Аргәын.

Усҟантәи амшқәа рзы агазеҭ «Советская Абхазия», мшаԥымза 18, 1974 шықәсазы ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿы иҟалаз ари акыр зҵазкуаз ахҭыс инарҭбааны иалацәажәон:

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Егрытәи аӡфымцатә Станциа аӡымҩахгагатә тоннель аҿы иҟалаз аҭӡы аилабгара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара рҽеиҭныԥсахуа иаҿуп. Аусуратә бригадақәа аӡымҩангага абетонтә ҭӡы аԥҽыхақәеи егьи ахаҳәи-мҿыҳәи рҟынтәи арыцқьара иаҿуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч».

Ианаҭаххо азы аҭӡы идуу аԥҽыхақәа еиҳа имаҷу ала иԥҽны атоннель аҟынтәи иқәгахоит.

Авариа аӡымҩахгагатә (адеривациатә) тоннель 8-тәи акилометр аҿы  иҟалеит.  

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс Гагра ақалақь аҿы анаԥшратә плошьадка аҟынтәи далҟьаны дҭахеит.

«40-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс анаԥшратә плошьадка далҟьеит. Акаҳараан уи ӷәӷәала ахәрақәа лоуит. Ҳара ҳаиқәырхаҩцәа уи ахәышәтәырҭахь днаргеит, аха лара деиқәымхаӡеит», - ҳәа иҟалаз амашәыр азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаҵо иҳәеит Гагра араион аҿы Аԥшаара-еиқәырхаратә Отриад аиҳабы Давид Бганба.

Иҭахаз аԥҳәыс Шәача ақалақь аҿы инхоз, 1984 шықәсазы ииз  Инесса Поленко лоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.