pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба анхаратә зҵаарақәа рзы  Аҟәа ақалақь Ахадара ауаажәларратә комиссиа аилазаара ашьақәырӷәӷәара азы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо анхаратә зҵаарақәа рзы  Аҟәа ақалақь Ахадара ауаажәларратә комиссиа аилазаара иалалеит:

Иури Дбар – Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа адепартамент адиректор;

Мимоза Габниа – Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа адепартамент анхарҭаҭыԥ амҽхак аҳасабырбара азы аспециалист хада (акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ);

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада Азербаиџьан атәылауаҩ Дадашов Нидџьаҭ Ибрагим-оглы иганахьала аԥара ахшәаарала заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала гәҭакыла ауаҩшьра азы ихацыркыз ашьаус (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа  1, ахәҭаҷ  99, ахәҭа 2 апунктқәа «д», «з») ала идыз ахарадҵа шьақәнарӷәӷәеит.

Ашьаус аматериалқәа рыла, Дадашов Нидџьаҭ, заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала  аҳәаанырцәтәи ацәгьоуратә гәыԥ «Халил АЕ» аиҳабы иҟынтәи иоуз адҵа ала ацәгьоуратә гәыԥ «Далтон» алахәылацәа рышьра гәҭакыс иҟаҵаны Аԥсныҟа дааит. Ауаҩшьразы уи 60 нызқь доллар 60 000 Еиду Америкатәи Аштатқәа рдоллар аԥара изыршәараны иҟан.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Араионқәа рышколқәа рҵаҩцәа рзы арбаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит гәдоуҭатәи аԥсеиқәырхаҩцәа.

Акциа араион аҵара аҟәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭанаркра ахаҭарнакцәеи  рыла иаԥшьган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса.   Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа Кәыдрытәи аҩхаа аҿы арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 27 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҿар русқәеи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз аиԥылара далахәын. 

Аиԥылара аартуа, аилак ахантәаҩы иҳәеит Ҭаращь Ҳагба далацәажәеит аԥсуа спортсменцәа 2024 шықәсазы ироуз алшарақәа ртәы. Убас, мышқәак рыла 100-ҩык злахәу Аԥснытәи аделегациа Шәача ақалақь аҟны Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль «Сириус» иалахәхараны иҟоуп. 

«Шәара зеиԥш ыҟам алшара шәымоуп жәлабжьаратәи аренаҟны ақәгыларазы. Шәара ижәго аиааира ашьҭахь есқьынгьы аԥсуа бираҟ шьҭыххоит. Зегьы ираҳартә иҟалоит аԥсуа гимн! Аҭагылазаашьа шәымоуп ҳҭоурых арҿиаразы», - иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҩҭаҭәаратә зауад абар шьҭа мызкы еиҳауп аусура аанкыланы иҟоуижьҭеи. Аԥсныпресс  акорреспондент диҿцәажәо уи зыдҳәалахаз амзызқәа дрылацәажәеит  Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба.

«Аминистрцәа  Реилазаара аҿы ареспублика ахь иаарго аҩыҟаҵаратә маҭәахәқәа 30-процент рҟынӡа инаӡо акцизтә шәахтә рықәҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Уи, жәаҳәарада, еидараны аҭыжьратә усура иақәлеит, иара убри ала иҭыжьхо аалыҵгьы ахаҭаԥса шьҭымҵыр залшом,  – ҳәа иҳәеит Валери Аҩӡба.  – Ҳара ҳдистрибиутерцәа ҳаалыҵ ахәԥса шьҭаҳхыр, усҟан дара уи шырзымҭиуа азы  адырра ҳарҭеит. Убри инамаданы ҳара аамҭала ҳусура аанаҳкыларц ҳаӡбеит. Ҳара атәыла Анапхгара ҳрыҿцәажәоит, агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа аминистрцәа Реилазаара уаанӡа иаднакылаз аӡбамҭа аԥыхра шалнаршо, иара убри ала ари апроблема шыӡбахо».

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа аминистрцәа Реилазаара хәажәкырамза 1, 2024 шықәса инаркны шықәсыбжак рҟынӡа абылтәы аекспорт ақәиҭымтәра алагалара азԥхьагәанаҭоит.  Иарбоу аԥкрақәа ирыҵанакӡом Евразиатәи аекономикатә Еидгыла иалоу атәылақәа, иара убас  Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны, Монголиа, Узбекьысҭан, ҳәа Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Навка ихаҭарнак иахь азхьарԥш ҟаҵо иаанацҳауеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә информациатә Маҵзура «ТАСС».  

Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аколлективи Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит иаразнак ҩ-ныҳәак – раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аҭыҵра ианалагаз амш 105-шықәса ахыҵреи Ареспублика Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымшныҳәеи.

Амилаҭтә литература ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ-алингвист, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа ила иаԥҵаз агазеҭ «Аԥсны» ҳҳәынҭқарра аҭоурых иахәҭакхеит.

Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амонументалтә ҟазара азы аҳәынҭқарратә комиссиа Очамчыра ақалақь, араион Ахадара ахыбра аҿаԥхьа иргылахо Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ибаҟа азы иреиӷьу   апроект  алкааразы жәларбжьаратәи иаарту аконкурс аиҭамҩаԥгара шыҟало рыларҳәеит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра.

Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла атранспорт Аминистрра мшаԥымза 30 инаркны цәыббрамза  30 рҟынӡа «иаку» абилеҭ ала ауаа Урыстәылантәи Аԥсныҟа, иара убас шьҭахьҟа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рымҩангара иалагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла атранспорт Аминистрра  Иаку атранспорттә напхгараҭара.

Раԥхьаӡа "иаку" абилеҭ ала Урыстәылантәи Аԥсныҟа аара еиҿкаан 2017 шықәсазы.

2024-тәи ашықәс азы акурорттә аамҭахәҭа азы абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит.

Адлер аихамҩа авокзали Шәача аҳаирбаӷәазеи рҟынтәи ауаа автобус маҷқәа рыла имҩаныргоит Аԥсны хә-қалақьк рахь: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.