pressadmin-2
Ауаажәларратә Палата аҳәаанырцәтәи агент ихықәкы назыгӡо рзы азакәан апроект азы алацәажәара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәеи злахәыз аиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауаажәларратә Палата апресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны «Икоммерциатәым аиҿкаарақәеи аҳәаанырцәтәи агент ихықәкы назыгӡо хазхаҭалатәи ахаҿқәеи» ирызку Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект алацәажәара зҵаара хадас иқәгылан.
Аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа аҭаны имҩаԥысит, уи алахәылацәа азакәан иахьыԥшны ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Зыӡбахә ҳәоу азакәан апроект ахықәки, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа афундаменталтә нормақәеи инарықәыршәаны, Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә Маҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.
Роман Дбар аԥсаатә рҭахара зыхҟьаз далацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы абаҟәа ҳәа изышьҭоу амшынтә ԥсаатә хыԥхьаӡара рацәала рҭахара акәша-мыкәша ӷәӷәала ацәажәарақәа цоит. Аӡы иху арҭ аԥсаатәқәа рҭахара зыхҟьаз атәы Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо иҳәеит аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.
Иҷыдоу аклиматтә ҭагылазаашьақәа
Аеколог иажәақәа рыла, абаҟәа ҳәа изышьҭоу аӡы иху, ӡааҟәрыла ҟаҵо аԥсыӡ зфо аԥсаатә ауп. Аԥсныҟа уи аӡынра ахгаразы иаауеит.
«Ҳара ҳамшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа иубар алшоит шә-нызықь инарзынаԥшуа аԥсаатә. Урҭ араҟа иҟоу иҷыдоу аклиматтәи аекологиатәи аҭагылазаашьақәа инарымаданы араҟа аӡынра рхыргоит. Аӡынразы ҳара ҳӡымҽхак ахь аҳауа аԥхарра ахьыҳараку иахҟьаны емиграциа ҳасабла иаауеит ирацәаны аԥсыӡ, раԥхьа иргыланы акамшьиа. Уи аԥсаатә аднаԥхьалоит, Аԥсны ихадоу арнитологиатә ҵакыраны иҟанаҵоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара. Уи иара убас иациҵеит ареспублика иалсны евразиатә аконтитент аҿы иреиҳау аемиграциатә мҩа шцо.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр хаҭала ихылаԥшрала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит ареидтә усмҩаԥгатәқәа.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут хаҭала ихылаԥшрала ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа жәабанмза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Автоҳәынҭинспекциеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтә ҟәшеиҵақәеи русзуҩцәа ареспублиа зегьы иахьаҵанакуа аред мҩаԥыргеит, аиҳаак ахшыҩзышьҭара аҭан аҳҭнықалақь Аҟәа.
Автоҳәынҭинспекциа ахылаԥшра азҭо аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа ахатәы еилазаара аиҳарак ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа раанкылара алдыршаларц азы адҵа риҭеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ижәны, мамзагьы арҩшьыгатә маҭәашьар зыдкыланы амашьына аԥсҟы зку раарԥшреи раанкылареи ҷыдала ахшыҩзышьра аҭара азы адҵа ықәнаргылеит. Ареид амҩаԥгараан жабранмза 19 рзы иаарԥшхеит 20 инарзынаԥшуа зсаркьақәа рыԥшшәыхәыркра анормақәа еилагаз автотранспорттә хархәагақәа, урҭ зтәыз автомашьынарныҟәцаҩцәа зегьы ахараԥса дыршәахоит, аилагара аҭыԥаны иаԥыхуп.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа Аԥсны имҩаԥысуеит хәажәкыраза 17 рзы.
Аҟәа. Жабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 17 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа. Алхрақәа рхы аладырхәырц рылшоит Ареспублика Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа, мамзаргьы аамҭала инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу зегьы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Алхратә биуллетень аиура азы Урыстәыла атылауаҩ итәылауаҩшәҟәы (аҩныҵҟатәи, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи) имазар ахәҭоуп.
Алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рыла:
Аҟәа
Картозиа имҩа, аҩны № 7, абжьаратәи ашкол №5 (алхырҭатә ҭыԥхада № 8002);
Ешба имҩа, аҩны №164, Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8422);
Ӡиӡариа имҩа №56, Амедицинатә коллеџь ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8424);
Аршба имҩа, аҩны № 56, Аҟәатәи аҳәынҭқаратә коллеџь ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8430);
Лакоба имҩа, аҩны № 111, Амилаҭтә библиотека ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8001);
Аиааира апроспект, аҩны № 33, абжьаратәи ашкол № 10 ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада №8000);
Акьыртаа имҩа, аҩны №32, абжьаратәи ашкол №14 (алхырҭатә ҭыԥхада № 8003).
Гагра араион
Ақалақь Гагра, Арӡынба имҩа, аҩны №84, акультура Аҩны ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада №8005);
Ақалақь Гагра, Абазгаа рымҩа, аҩны №55/3, Агуманитар-ааглыхратә техникум ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8431);
Цандрыԥшь аҳабла, Ленин имҩа, аҩны № 8, абжьаратәи ашкол №1 ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8004);
Ақалақь Пицунда, ақалақь Ахадара ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8006);
Бзыԥҭа аҳабла, Ешба имҩа, аҩны № 47а, ақыҭа Ахадара ахыбра (алхратә ҭыԥхада № 8007).
Аминистрцәа Реилазаара аҿы Бедиатәи аныхабааи Амилаҭтә сахьатә галереиеи рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Зыԥшра ҟамҵакәа Бедиатәи аиашахаҵаратә уахәама аҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи, иара убас иргылахараны иҟоу Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбра аескизтә проект ашьақәырӷәӷәара иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит аҩаша, жәабранмза 20 рзы атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб имҩаԥигаз аусуатә еилатәара.
Аилатәара рхы аладырхәит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы Гари Сангәлиа, Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба, Аҟәа ақалақь архитектор хада Давид Ешба, аргылара-нардкыларатә еиҿкаара анапхгаҩы Русҭам Цәеиба.
Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз Бедиатәи аныхабаа аҟәырӷ аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гарри Сангәылиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, урыстәылатәи аспециалистцәа аныхабаа ахыб зку аиужьратә конструкциа аиҭакразы аԥсуа ган зыдгалара мҩаԥнагаз авариантқәа рганахьала ргәаанагарақәа рҳәеит. Урҭ иҿыцу, технологиала иуадаҩу, идуу ахаҳәтә ҟәырӷ ашьақәыргылара, иара акульттә обиект ахаҭа иахьатәи аҭагылазаашьа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, инегативтәу ахҟьаԥҟьақәа азцәырнагар алшоит ҳәа иазгәарҭоит.
Гәдоуҭа араион аҿы ихжәаз ажәытә ӡымҩангага еиҭашьақәыргылоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион ажәытә ӡымҩангага аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахеит. Ари аӡымҩангага иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны ҭыԥқәак рҿы ихжәеит.
Иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны жәамш инареиҳаны ӡрыжәтәда иаанхеит Лыхны ақыҭа, аихамҩатә вокзал, Гаграа рымҩала инхо 300-ҩык инарзынаԥшуа аҭаацәа.
Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» аҿы имҩаԥысуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазку ашахматтә турнир.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазку акомандаттә шахматтә турнир мҩаԥысуеит.
Атурнир зынӡа рхы аладырхәуеит 16 командак: Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, Аԥсны аҵара Аминистрра, Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра, Аԥсны акультура Аминистрра, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аԥсны апрокуратура Хада, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, Аԥсны иҟоу урыстәыла аидгьылуаа реиҿкаарақәа Акоординациатә Еидгыла (КСОРС), Аҟәа ақалақь Ахадара, Аҟәатәи афизика-техниатә Институт, Аҟәа иҟоу Москватәи Акультуура-усуратә Центр «Москва Аҩны», 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа.
Раԥхьаӡа акәны ари аҩыза атурнир «Москва Аҩны» аҿы имҩаԥган 2023 шықәсазы.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иахьаҵанакуа ажәытә хыбрақәа рықәгара иаҿуп.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩцәа, иара убас атәыла Анапхгара алахәылацәа.
Аилатәара амшхәаԥштә зҵаара хадақәа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара апрограмма анагӡара, абылтәы џьармыкьа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа анализ аҭара, иара убас атәыла аҩныҵҟа абаҩарҵәыреи аспорти рыҿиара иадҳәалан.
Атәыла аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аҳәынҭқарра Ахада аинвестор ила аҳаирбаӷәаза иахьаҵанакуа игылоу ажәытә хыбрақәа рықәгара шымҩаԥысуа атәы изеиҭеиҳәеит. Хара имгакәа арахь иаагахоит иҷыдоу атехникеи аусзуҩцәеи.
Аҳәынҭқарра Ахада аминистр аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аамҭеихшара еиқәыршәаны изнеигарц азы анапынҵа ииҭеит.
Абылтәы џьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьагьы инарҭбааны иалацәажәеит. Аҳәынҭқарра Ахада абылтәы џьармыкьа аҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи ауааԥсыреи атәыла абылтәы џьармыкьа алахәылацәеи абылтәы ала реиқәыршәара азҵаара аӡбареи рзы адҵақәа ҟаиҵеит.
Аилатәара аҿы атәыла абаҩарҵәыреи аспорти рыҿиара азы Аҳәынҭқарра Ахада ипрограмма алацәажәара ахшыҩзышьҭа ду аҭан.
Аԥснынтәи ачысҟаҵаҩы ашоу «Битва шефов» афиналбжа аҟынӡа днаӡеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ачысҟаҵаҩы, асасааирҭа-аресторан «Леон» европатәи ачысқәа рзы су-шеф Анӡор Кочиев ателеканал «Пятница» ала ицо ачысҟаҵаратә шоу «Битва шефов» ахԥатәи асезон афиналбжа аҟынӡа днаӡеит. Иара апопулиартә проект ахь инеира шыҟалаз, насгьы уадаҩрақәас дзықәшәази урҭ риааира илзыршази ртәы Аԥсныпресс аматериал аҿы шәаԥхьар шәылшоит.
Ари ахҭыс аҭоурых алагеит ҭагалан 2023 шықәса рзы. Аресторан «Леон» ачысҟаҵаҩ-еиҳабы (шеф-повар) идгаларала ашоу аиҿкааҩцәа Анӡон иҽимардеит, анаҩс иара ихырдырга-видео (видео-визитка) Москваҟа ишьҭит. Мчыбжьык ашьҭахь, аҭыхрақәа анымҩамгахо арыцхә шьықәдыргылеит. Урҭ мҩаԥысит цәыббрамза 15 рзы. Иара аҭыхрақәа ирыдҳәалоу апроцесс ахаҭа акыр аамҭа зҵазкуаз, узырааԥсоз акакәны иҟалеит. Аҭыхрақәа ирылагеит ашьыжь, асааҭ 6 рзы, ихыркәшахеит уаха асааҭ 12 рзы.
Анӡор игәаанагарала, зегьы реиҳа иуадаҩны иҟаз иара ахаангьы зыӡбахә имаҳацыз ачысхкқәа рыҟаҵара азы адҵа анагӡара.
Аԥсны апоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апоет, арккаҩы дуӡӡа, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара иазкны жәабранмза 21, 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп.
Асааҭ 11.00 рзы – Дырмит Гәлиа ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара (Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿаԥхьа асквер аҿы).
Асааҭ 11.20 рзы – Дырмит Гәлиа игәалашәара иазкны аныҳәатә митинг.
Асааҭ 13.00 рзы – Аԥсны арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәеи аҵараиурҭақәа рҟынтәи аҿари алархәны агәалашәаратә хәылԥазы (Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Д. Гәлиа Илитература-мемориалтә музеи)








