pressadmin-2
Аенергетикцәа разгәаҭарақәа: афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алыршахоит хәажәкырамза анҵәамҭазы.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Егрытәи Аӡфымцатә Станциеи ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала аусеицуреи аԥхьаҟатәи аусура азԥхьагәаҭарақәеи ирызкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, «АУН «Амшынеиқәафымцамчи» Аӡфымцастанциеи рнапхгараҭара алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Сергеи Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы аконкурс II аетап аихшьаалақәа ҟарҵоит лаҵарамза 20 рзы.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр акультура Аминистрра аҟны иҟоу амонументалтә ҟазара азы аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаԥылгеит.
Аилатәара аҿы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы жәларбжьаратәи аконкурс II аетап аихшьаалақәа рыҟаҵареи Аҟәа ақалақь аҿы уи ихьӡ зху аплошьад аиқәыршәазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аконкурс аҩбатәи аетап аихшьаалақәа ҟарҵоит лаҵарамза 20, 2024 шықәса рзы.
Аконкурс аҩбатәи аетап амҩаԥгара Сергеи Багаԥшь (04.03.1949 – 29.05.2011шш.) диижьҭеит 75-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыдҳәалахоит.
Иракли Хьынҭәба V Жәларбжьаратәи Балтиатәи акультуратә форум аҿы дықәгылараны дыҟоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр анапхгаҩы Иракли Хьынҭәба аспикер иаҳасабала мшаԥымза 17-18, 2024 шықәса рзы Калининградтәи аобласт Светлогорск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу V Жәларбжьаратәи Балтиатәи акультуратә форум ахь ааԥхьара иоуит.
Иракли Хынҭәба аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа рнапхгаҩцәа жәларбжьаратәи аконференциа аилатәара аҿы «Урыстәылатәии адунеизегьтәии атеатр. Акультурақәа рдиалог» атема ала ажәахә ҟаиҵараны дыҟоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр Зқәу Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа! Ҳаҭыр зқәу Ареспублика аветеранцәеи атәылауааи! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа!
Ари амш символны ирзыҟоуп Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчоз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара, ргәымшәара, рхамеигӡара. Урҭ хацәынмырхала рықәԥара иалҵшәахеит Аԥсны иахьа асуверинитети акультуратә традициақәеи зыхьчо, хьаҵра ззымдыруа ҳәынҭқарраны аҟалара. Ари амш аҽны ҳҭоурых аҟны еиҳа иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы хьыӡла-ԥшала ҳадгьыл зыхьчоз афырхацәа ргәаладыршәоит. Урҭ ргәымшәара, рхаҵара агәыҭгара унаҭоит, Аԥсадгьыл абзиабареи уи аинтересқәа рыхьчареи Аԥсны амилаҭтә акзаара иашьаҭаны ишыҟоу угәаладыршәоит. Иахьа, ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауааи аветеранцәеи, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит Аԥсадгьыл ахьчараҿы иаашәырԥшыз алшамҭақәа раҳаҭыр азы. Шәара шәыгәаӷьреи шәхамеигӡареи ҳтәыла аҭынчреи ашәарҭадареи ҵаҵӷәыс ирзыҟоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
14 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшааит Аҟәа ақалақь Ажәанба имҩала игылоу аҩны аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акриптовалиута изакәанымкәа арҳара иазку аусура аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь аҿы аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа азимнчы змоу ацуҭа-амилиционерцәа рыла Ажәанба имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла агәраҵа аҿы аус зуаз амаининг ферма рыԥшааит.
Атранспорттә прокуратура Ҭырқәтәыла атәылауаа хҩык рыԥсра инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атранспорттә прокуратура жәабранмза 16, 2024 шықәса рзы аԥсыӡкыгатә ӷба EMINOQULLARI 4NA341838 аҟынтәи Ҭырқәтәыла атәылауаа хҩык рыԥсреи иарбоу аӷба ԥшьҩык аекипаж алахәылацәеи ӷәӷәала акы рԥырхаганы Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь рнагареи инамаданы апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥнагоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада.
Ганрацәалатәи автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы 13,5 нызықь пачка урыстәылатәи акцизатә дыргақәа змамыз аҭаҭын зҭаз Аԥсныҟа иаауаз афура ааныркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа ицоз аидарамҩангага машьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигарет пата ду рыԥшааит.
Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа иаиуз аоперативтә информациа ала аҳазалхыҩцәа афура MAN TGA амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс (МИДК) ахь идәықәырҵеит.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы Идырым асодат ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа.
Иахьа Асовет ар аветеранцәа ирыдныҳәаларц, иара убас Аҟәа ақалақь аҿы игылоу Идырым абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵац азы иааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, Аԥсны атәылахьчаа Аминистрра, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аиџьынџьуаа Ркоординациатә еидгылара ахаҭарнакцәа.
Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Ҳара ҳаиҳабацәа ари амш Асовет ар Амш ҳәа ауп ишырдыруа. Усҟан ҳара зегьы ҳәынҭқаррак аҿы ҳанхон, ҳабацәеи ҳабдуцәеи Аџьынџьтәылатәи еибашьра афронтқәа рҿы еицеибашьуан. Ҳаргьы убасҵәҟьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан еибашьуаз зегьы.
Уажәы, Донбасс ицоит иҷыдоу арратә операциа, рыжәҩахыр еибыҭа урыстәылатәи аибашьцәа ирыцеибашьуеит Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Ҳара иҭахаз ҳаҭырла иаҳгәаларшәо зыԥсы ҭоу афырхацәа зегьы ҳрыдныҳәалоит, иаарласны аиааира агара рзеиӷьаҳшьоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа аминистр Владимир Ануа ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит.
«Иахьа ҳара гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит ҳаиҳабацәа знысыз афырхаҵаратә мҩа… Ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанханы иҟоуп аибашьра адәаҿы иҭахаз ҳаибашьцәа рфырхаҵара, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ргәымшәара, рхаҵара.
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Иван-иԥа Ануеи атәылахьчара Аминистрра ахатәы еилазаареи рыхьӡала аветеранцәеи, иара убас уажәы зырратә маҵзура назыгӡо аруааи Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш шәыдысныҳәалоит, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, ахирра».
39 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшааит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит 39 цыра аус зуаз, ӡылатәи архьшәашәагақәа зцу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа (амодел Whatsminer M30S+) , ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Гал араион аҟынтәи арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи Дырмит Гәлиа Иҩны-амузеи 170 нызықь мааҭ ҳамҭас иарҭеит.
Аҟәа. Жәабранза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион ашколқәа рҵаҩцәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Екатерина Габелиа лнапхгарала аҵара аҟәша аусзуҩцәа рыцны жәабранмза 21 азы Дырмит Гәлиа Илитература-мемориалтә аҩны-амузеи иаҭааит. Ашколхәыҷқәа рзы амузеи аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит, иддырбеит, ирзеиҭарҳәеит зегьы реиҳа аинтерес зҵоу амузеитә експонатәқәа ртәы.
Ашколхәыҷқәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа аԥсышәала иаԥхьеит.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеит 150-шықәса аҵра инамаданы Галынтәи аделегациа амузеи ҳамҭас ианаҭеит 170 нызықь мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Гал-медиа».








