pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Есышықәса, жәабранмза 14 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҿы Аԥсыцқьа Валентин Имш азгәарҭоит. Зегь реиҳа аромантикатә ҟазшьа злоу иреиуоу аныҳәа атрадициақәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Аԥсныпресс аматериал аҿы.

Мыҷк аныҳәа аҭоурых атәы.

Аԥсыцқьа Валентин Имш (Валентин Имш), мамзаргьы абзиабара зыбжьоу зегьы Рымш — ари акатоликатә динхаҵара аҿы ахыҵхырҭа змоу ныҳәоуп.  Уи ахьӡгьы Валентин ҳәа зыхьӡыз заақьырсиантәи ааӡабхгаҩцәа — Валентин Интерамнсктәии Валентин Римтәии руаӡәы ихьӡ ахҵоуп.

Иҟоу адыррақәа рыла, абзиабара зыбжьоу ауаа Рымш римтәи аныҳәа Луперкалиа (festival of Lupercalia) аҟынти ахы ыҵнахуеит, уи иазгәарҭон жәабранмза аҩшамҭазы. Егьырҭ адыррақәа рыла, Аԥсыцқьа Валентин Имш азгәаҭара абжьарашәышықәсақәа рзы иалагеит, уи ааӡабхгаҩцәа рыԥсҭазаара аҟынтәи иреалу афактқәа  изеиԥшразаалак џьара акала иадҳәалаӡам.

Атрадициақәа 

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амцарцәаҩцәа Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа араион ақыҭақәак рҟны амца зкыз аҵҩаа дырцәеит.

Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо амцарцәаҩцәа уахи-ҽни аус руан ҳәа адырра ҟаиҵеит. Аҵыхәтәан урҭ амцамкра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь рцара ҟалеит асааҭ  03:40 рзы.

«Иаха аҵх иалагӡаны амца ҳарцәеит. Асааҭ 03:40 рзы аҷкәынцәа ироуыз аҵыхәтәантәи адыррала амцарцәараз амҩа иқәлеит. Иахьагьы амш бзиоуп, агәырҭынчра ҟалом,», - ҳәа иҳәеит иара.

Мурман Ԥачлиа гәалсрала иазгәеиҭеит амцакрақәа аиҳарак ауаа ааԥынтәи адәныҟатә усурақәа рҽанырзыҟарҵало аамҭазы, аҵҩаа амца аркны адгьыл аныдрыцқьо, ацәаӷәара ианаздырхио иҟалалоит ҳәа.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 13 -15 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко инапхгарала атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи алархәны аштабтә арратә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит.

Арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы – ақалақьқәеи араионқәеи ртерриториалтә хьчара аштабқәа аибашьра аамҭа азы атерриториалтә хьчара иаҵанакуа ахыдҵақәа рынагӡаразы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхра.

Аштабтә зыҟаҵара амҩаԥгара ахь иадыԥхьалоуп атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи афицерцәа, амчратә структурақәа рымчқәеи рхархәагақәеи.

Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан араионқәа рҿы иҟоу атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи рхархәаразы иҿыцу аформақәа рԥышәара мҩаԥгахоит.

«Арҭ аҽазыҟаҵарақәа атерриториалтә хьчара ахархәагақәеи алшарақәеи рнапхгараҭара иадҳәалоу аусура аиҿкаара аҩаӡара ашьҭыхра азы акыр зҵазкуа усмҩаԥгатәны иҟоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза  1,   2024 шықәса инаркны Аԥсны аусуразылшо аӡәы изы ахныҟәгаратә минимум ахәԥса 11 072,4 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Астандарт азы аҳәынҭқарратә  Еилакы.  

Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:

-  афатә-ажәтә тауарқәа – 7.573,5 мааҭ,

-   абзазара-ааглыхратә, уҳәа егьырҭ атауарқәа – 2.170,2 мааҭ,

- зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 1 328,7 мааҭ.

Ахныҟәгаратә минимум аҩаӡара иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 15,2% рыла иазҳаит.  

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы агәыҳалалратә концерт Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Жәабранмза 12 рзы Цхьынвал ақалақь, Аҳәынҭқарратә драматә театр асцена аҿы  Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр  «Аизалд» агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа ашәахьа, жәабранмза  12 рзы есымчыбжьатәи аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа  адырра ҟанаҵоит араион Ахадара.

Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  аиҳабы Зосма Гыцба, иҳаҩсыз амчыбжь азы  117-цыра  акриптвалиута арҳара иазку аппарат рыԥшааит, урҭ амилициа аҟәша аҿы ишьҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Рауль Лолуа закәаншьҭада акриптовалиута арҳара иазку аусура аҿагылара азы аштаб аусура ахәшьара бзиа аиҭеит, убасҵәҟьа  аусура иацырҵарц азы абжьгара ҟаиҵеит  ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада абҵарамза 22,  2023 шықәсазы иҭижьыз «Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра азҵаарақәа рзы» Аусԥҟа  № 889 азинмчы аиура инамаданы, 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа Урыстәыла атәылауаҩра рымазаара шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәа рсиа шьақәзыргылоз анорма-зинтә шәҟәынҵақәак азинмчы рцәыӡит. 

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, шьҭарнахыс, атәылауаҩра азҵаарақәа рыхәаԥшра Аԥҟара апункт 173 инақәыршәаны, Урыстәыла атәылауаҩра аиразы аршаҳаҭга ала ишьақәырӷәӷәахоит уи азы иара иақәнагоу аштамп  ықәыргылазар.

14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа атәылауаҩшәҟәы аиурада атәылауаҩра рыҭаразы ашәҟәқәа алазҵаз зегьы аиразы аршаҳаҭгақәа атәылауаҩразы аштамп ақәыргыларазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иадҵаалар ҟалоит. 

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпрессс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Очамчыра арион аҿы абылра ахыҵхырҭақәа рырцәара рылшеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра  ауааԥсыра рахь рынхарҭақәа ажәырҭреи агәылҩааи рҟынтәи арыцқьаразы амца адмыркларц азы аҳәара ҟарҵоит.

«Ҳара аҭагылазаара ахылаԥшра аҳҭоит. Ихадоу амцакра ахыҵхырҭақәа рырцәара ҳалҳаршеит, аха ишьақәгыланы иҟоу аԥхарра инамаданы, ҿыц амцакрақәа рзы ашәарҭара аанханы иҟоуп. Ҳара ҳтәылауаа рахь рынхарҭақәа ажәырҭреи агәылҩааи рҟынтәи арыцқьаразы амца адмыркларц азы даара аҳәара ҟаҳҵоит.   Амца аҵлақәа рахь ииасыр, усҟан иҟалар зылшо хыхьлатәи абылра акыр иуадаҩхоит, аамҭагьы рацәаны иаҭаххоит, иара убри ала амашәыр ӷәӷәа ахылҿиаар алшоит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо ирҳәеит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала ақәыларазы игәҩароуп  ҳәа ишьақәыгылахеит Гәдоуҭа араион аҿы инхо ҩыџьа ахацәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла, Приморское ақыҭан инхо, 2002 шықәсазы ииз Матуа Феликс Аслан иԥеи Лыхны ақыҭан инхо, 2005 шықәсазы ииз  Барцыц Никита Олег-иԥеи  Гәдоуҭа ақалақь, Бамборатәи амҩа аҿаԥхьа аихамҩақәа рҿы  ауаҩы иқәланы ажәҩахаршә шәыра имырхит, иԥарақәагьы рӷьычит.

Ақәылаҩцәа ирыман агазбалонтә тапанчеи (амодель МР-654К) аркьыли.

Ацәгьоура оперативла иаадыртит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәшеи русзуҩцәа.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи аспортсменцәа ҿарацәа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Каменск-Уральск ақалақь иаарту атурнир аҿы ахьтәы медалқәа хԥа, араӡнытә медалки, аџьазтә медалки ргеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара  аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аҳәынҭқарратә Еилакы.

Жәабранмза 10 – 12, 2024 шықәсазы Каменск-Уральск ақалақь Иназыцҵоу аҵара азы автономтә муниципалтә Усбарҭа Аолимпиатә резерв аспорттә Школ аҿы Афганисҭанынтәи асовет архәҭақәа ралгара ҟалеижьҭеи 35-шықәса аҵра иазкны 2009 – 2011 шш, 2012 – 2015 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара зхы иақәыиҭу аиқәԥаразы иаарту Аԥхьахәгара мҩаԥысит.  Уи зынӡа рхы аладырхәит 85-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.