
pressadmin-2
Лаҵарамза 29 рзы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵиижьҭеи 12 шықәса ҵит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 29 рзы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵиижьҭеи 12 шықәса ҵит. (хәажәкырамза 4, 1949ш. – лаҵарамза 29, 2011ш.).
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкырамза 4, 1949 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы. 10 тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аусгьы иуан, аԥхьа аус иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Истудентә ԥсҭазаараҿ бзиа ибон аспорт, дыҟан капитанс Аԥсны еидкылаз амҵәышәмпыл асраҿы.
В 1972 шықәсазы Москватәи ақыҭанхамҩатә аҟәша аефирхәшат совынхара еиҳабыс. 1973-1974 шш. рзы дахысит аррамаҵура. Уи далган данаа ашьҭахь дҟаҵан Аԥснытәи абком акомҿар рымҩақәҵаҩ еиҳабыс.
1978 ш. Сергеи Багаԥшь дҟаҵан еиҳабыс Қырҭтәылатәи аинформациатә сектор аҿы, иара убас уи инадҳәалан дҟаҵан аҿар рқыҭанхамҩатә усуҩ еиҳабыс.
1980 ш. дыҟан Қырҭтәыла ВЛКС Аԥснытәи аобком маӡаныҟәгаҩс.
1982 ш. Сергеи Багаԥшь дахаргылан Очамчыратәи РК Қырҭтәыла КП актәи амаӡаныҟәгаҩыс.
1989 ш. далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз аилыхара. Уи аилыхараҿ иоуит ахәара. Уи аилыхара дахьылахәыз азы имхын ипартиатә маҵура.
1989-1991 шш. дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарратә АССР агроаалыхратә аилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.
1992 ш. С. Багаԥшь дҟаҵан Совмин 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ихантәаҩыс. 1992-1993 шш. ақырҭуа-аԥсуа реидыслараҿ актәи амшаз Аҟәа иалахаз аԥсуа ҭаацәара рхәҷқәеи дареи ралгара дацхрааит. Уи имҩаԥигон аиҿцәажәара ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслараҿ. Иара убас уи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан Аҟәеи Қарҭи ақалақьқәа рҿы. Раԥхьатәи аидысларақәа рҿы С. Багаԥшь ихы зызкыз ижәлар ишахәҭаз џьаԥҳанылеи, амедикамент маҭәахәқәеи, абылтәи рыла реиқәыршәара акәын. Уи имҩаԥигон аиҿкааратә усқәа мраҭашәаратәи Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази хатәгәаԥхарала иааз рыбжьара. Изныкымкәа далахәын ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслара аиныршәараҿ.
Лаҵарамза 21 – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 21 рзы 159 шықәса ҵуеит аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Уи иахҟьаны, XIX ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара атәылақәеи рахь ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа рмоуит.
Лаҵарамза 21 рзы Аԥсны еиԥш Нхыҵ Кавказ ареспубликақәагьы рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш.
Массала аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны рцара аиҳарак изыхҟьаз атәы еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтә усумҭа «Амҳаџьырреи ХIХ ашәышықәазтәи Аԥсны аҭоурых апроблемақәеи» аҿы иарбоуп:
Аурыс аҳра Кавказ инанагӡоз аколониалтә политика;
Ари адгьылҵакыра ампыҵара иашьҭаз асулҭантә Ҭырқәтәыла имҩаԥнагоз агрессивтә акциақәа;
Ҭырқәтәыла иадгыланы Урыстәыла Ааигәа Мрагылараҿы апозициақәа рыркәадара иашьҭаз мраҭашәаратәи, аиҳарак англызтәи аколонизаторцәа инарыгӡоз апровокациатә роль;
Аҭырқәцәа ирыдызцәылоз ареакциатә феодалтә идиологиа иадгылоз аҭыԥантәи ҭауади-аамсҭеи рчарҳәара.
Акыр аҵанакуан адинхаҵаратә факторгьы. Атәыла ауааԥсыра рыхәҭак иныҟәыргоз амсылмантә дин аҭырқәа сулҭан амсылманцәа зегьы иреиҳаӡоу ахылаԥшҩны дыҟоуп ҳәа ирыланарҵәон. Асоциалтә напхгараҭара знапы иакыз рхы иадырхәон ашәышықәсала ишьақәгыланы иҟаз аҵасқәеи аимҭашьҭратә еизыҟазаашьақәеи. Аурыс аҳра Кавказ арра-колониалтә режим ашьақәыргылара азы аҽазышәарақәа ашьхарыуа жәларқәа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аҿиара ахылҿиаауан. Аҳ иеинралцәеи ачынуааи рҽазҵәылхны «мчыла аиқәкра» аметодқәа нарыгӡон. Уи рхы иадырхәон аҳра зуаз англызтәии аҭырқәатәи аелита. Урҭ рхықәкқәа рынагӡара мацара иазхәыцны еиҳагьы аҭагылазаашьа дыруадаҩуан.
XIX ашәышықәса актәи азыбжазы убасҵәҟьа Кавказ иқәынхоз ауааԥсыра, аԥсуаагьы уахь иналаҵаны ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа рцара афактқәа аҭыԥ рыман.
Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа раԥхьаӡа массала аҳәаанырцә рцара ҟалеит 1859 – 1865 шш. рзы.
Инал Арӡынба Михаил Шургалин аиубилеитә медал «Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - 30 шықәса» ианеишьеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аиԥылараан аганқәа аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Лаҵарамза 21 азы адгьылбжьаха Қефқен Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рыхьӡала агәаларшәагатә баҟа аартра мҩаԥгахоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 21 азы адгьылбжьаха Қефқен Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рыхьӡала агәаларшәагатә баҟа аартра мҩаԥгахоит.
Аусмҩаԥгатә ахы аланархәуеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациеи Аԥсны аџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩи.
Зоура жәаметрак рҟынӡа инаӡо абаҟа - Елиф Қьецба лхаҿсахьала ишьақәыргылоу агәаларшәагатә баҟа ҭырқәтәылатәи адгьылбжьаха Қефҭен ишьақәыргылоуп.
Аџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа иажәақәа рыла, амҳаџьыраа ргәалашәаразы абаҟа аргылара аидеиа цәырҵиижьҭеи акрааҵуеит. Уажәы уи абаҟа ықәыргылоуп Қоџьаели анапхгара иҟанаҵаз адгылареи Ҳасан Қардиа напхгара зиҭо Аԥсуа культуратә центр ацхыраареи рыла. «Абаҟа аагара ус мариамызт. Уи хәҭа-хәҭала иааганы аҭыԥаҿы еиқәыршәахеит. Аусурақәа ақалақь ажандармериеи атранспорттә полициеи алархәны имҩаԥысуан», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Багаҭелиа.
Ари абаҟа ахьыргылахаз Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апровинциа Қоџьаели Қандыра араион Қефқен Бабалы ақыҭаҟны иҟоуп Кавказтәи аибашьра Ду иалаӡыз рыԥсыжырҭа. 2021 шықәсазы Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкны хышә шьапы рҟынӡа азеиҭынтә ҵлақәа реиҭаҳара еиҿнакааит.
Лаҵарамза 20 рзы лиубилеи азгәалҭоит аԥсуа поетесса Инна Ҳашба.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 20 рзы лиубилеи азгәалҭоит аԥсуа поетесса, апублицист Инна Ҳашба.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла апоетесса лиубилеи лыдырныҳәалоит, илзеиӷьаршьоит агәабзиара, ашықәснҵыраду, алитература амаҵзуразы алшарамчи арҿиаратә гәацԥыҳәареи.
Инна Ҳашба илыдныҳәалоит иара убас Аԥсны ажурналистцәа Реидгыларагьы.
Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа “Аҟәа” аусзуҩцәа адекларациа зызум асувениртә аалыҵ аҭира ааныркылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Аҟәа» аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара ахысразы иааз атауарқәа рыиагара иазкыз амашьына агәаҭараан адекларациа зызум – 5585 цыра рҟынӡа инаӡоз асувениртә аалыҵ рыԥшааит..
Аԥсни Урыстәылеи Аҳәынҭстандарт анапхгаҩцәа аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы, Жәларбжьаратәи аметрологиатә форум «Метрология без границ 2023» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиеи Урыстәыла аметрологиеи атехникатә еиҿкаареи рзы Афедералтә агентра (Росстандарт) анапхгаҩы Антон Шалаеви официалла реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭстандарт апресс-маҵзура.
Аганқәа наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу аусура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылараҿы иара убас Аԥсны Аҳәынҭстандартә аеталонтә база арҿыцра азҵаарагьы шьҭыхын.
Аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа рыла урыстәылатәи аган аамҭалатәи ахархәара аҳасабала ашәаразы ахархәагақәа хәыда – ԥсада Аԥсны Аҳәынтандарт аҭаразы адгалара ҟанаҵеит.
«Урыстәыла Аҳәынҭстандарт иамоу алшарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи рколлегацәа адгылара рыҭара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Антон Шалаев.
Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, лаҵарамза 16 рзы, Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
«Иҿыбгаз ахра ахәҭак амҩа иахаԥеит. Иара убри ала ииасуа апассаџьырцәа рзы ашәарҭара ду аԥнаҵеит. Автомашьынатә ыиасра зынӡа иаанкылахар ауан. Ахылаԥшырҭа аусзуҩцәа иаанхаз ацаҟьа ԥыржәеит, иара убри ала ашәарҭарагьы аԥырхит», - ҳәа иазгәаҭоуп аацҳаҭа аҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәанаҭоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵан 1992 – 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы. Лаҵарамза 17, 1993 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵаразы Ақәҵара инапы аҵаиҩит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа напхгара арҭон Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Константин Озган, Игорь Ахба, Сергеи Шамба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чыркба, Даур Ақаҩба.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа зегьы раԥхьаӡа дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. «30 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала, ААР аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит урыстәыла-аԥснытәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки» – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит: «Аԥсуа дипломатиа аиҿкаареи аҿиареи мҩаԥысуан имариамыз аҭагылазаашьақәа рзы, усҟан адипломатиатә маҵзура аветеранцәа хацәнымырха аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчон.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟоу аԥышәа ҵаҵӷәыс иганы иахьагьы аҳәынҭқарра аинтересқәа ахьчоит, ихырхарҭа хаданы иаԥхьаӡоит:
аусбарҭа аусура аиӷьтәра, аматериал-техникатә еиқәыршәара, аӡбарақәа рыдкылара асистема, жәларбжьаратәи аинформациатә политика арцыхцыхра, Амедиацентр аусура ахацыркра, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, рырҭбаара – Мрагылара Ааигәа, Африкеи Латинтәи Америкеи ртәылақәагьы налаҵаны, иҩызам атәылақәа атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа анырра арҭартә алмыршара, аҿар жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы адгылара рыҭара».
Ашәба Лаша адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра 30-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада, ацҳаражәҳәарҭақәа, аҳәаанырцәтәи аусбарҭақәа русзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реилазаара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьақәгылеижьҭеи 30 шықәса аҵра!
Ҳара ҳазгәдууп ҳдипломатиа знысыз хьӡи-ԥшеи згым аҭоурыхтә мҩа. Шәара имҩаԥыжәго аусура ҳреспублика жәларбжьаратәи ахаҿра ашьақәыргалараҟны аҵак ду амоуп, ҳтәылазы илахьынҵаӡбаганы иҟоу азҵаарақәа акыр аӡбоит.
Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рымҩаҟны акрызҵазкуа ак акәны иҟоуп 1993 шықәса лаҵарамза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапы зҵаиҩыз «Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара. Аԥсуа дипломатиа апрофессионалтә еизҳара аҳәынҭқарратәра ианыԥшуан, уи арӷәӷәара иацхраауан. Иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раангьы шәара хьаҳәа-ԥаҳәарада атәыла аинтересқәа рыхьчаразы шәгылан.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ҳтәылазы еиҳа иуадаҩыз ашықәсқәа рзы аԥсуа дипломатиа ауасхыр азышьҭазҵаз, уи аусуразы априцип хадақәа аԥызҵаз адәныҟаполитикатә усбарҭа аветеранцәа