
pressadmin-2
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АРХАНГЕЛЬСКТӘИ АОБЛАСТ АГУБЕРНАТОР АКТӘИ ИХАҬЫԤУАҨ – ВАГЕ ПЕТРОСИАН ДИДИКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан дидикылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада асас аԥсшәа иаҳәо, иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа аҵак ду шанаҭо.
«Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны. Ҳара ҩызак иаҳасабала шәбара ҳаигәырӷьоит. Хтәылақәа русеицура, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ирыбжьоу аимадарақәа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазкуп. Урыстәыла акәша-мыкәша аҭагылазаашьа уадаҩуп иахьа, уи еилыкка иаанарԥшит Урыстәыла иадгылоу, ҩызара азызуаҵәҟьа, аԥхьаҟагьы Урыстәыла иадгылаҩцәаны иҟало», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-БАЗА ЖӘЛАР РКОНГРЕССИ АРЕПАТРИАЦИА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКИ АУСЕИЦУРАЗЫ АԤКААНҴА РНАПЫ АҴАРҨИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзеқьи аусеицуразы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.
Иарбоу аусшәҟәы ахықәкы — адемографиатә политикеи арепатриантцәа рыҽрымадареи рзы аусхкы аҿы азеиԥш хыдҵақәа рынагӡара.
Мусса Еқзеқь, ари аусшәҟәы анапаҵыҩра Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҿаԥхьа игылоу ахыдҵақәа жәпакы рыӡбара иацхрауеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Вадим Ҳаразиа Мусса Еқзеқь Иреиҳаӡоу аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс иалхра идиныҳәалеит, иара убас имҩаԥысуа аусура шацҵахо азгәеиҭеит.
«Иҟалар ҟалап ари асуеицура ҵакыс иамоуи ҳәа аӡәы иҳәаргьы? Аха Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак адемографиатә проблемақәа рыӡбара аганахьала иҟанаҵо ашьаҿақәа акыр аҵак ду амоуп. Ҳара ҳазну амҩа акуп», – ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.
АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-БАЗА ЖӘЛАР РКОНГРЕСС VIII АИЗАРА ДУ АУСУРА ИАЦНАҴОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Ԥхынҷкәынмза 8 рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс VIII аизара ду аусура иацнаҵеит.
Апленартә еилатәара ааиртит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзеқь.
Уи аизара ду аделегатцәеи асасцәеи дрыдныҳәалеит: «Аизара ду аусура актәи амш азы ҳара Аконгресс хәы-шықәса рыла инанагӡаз аусура инарҭбааны ҳалацәажәеит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит иарбоу аамҭа иалагӡаны иҟаҳҵаз зегьы аԥсуа-база жәлар рзы хра злоу усны иҟалеит ҳәа».
Апленартә еилатәара мҩаԥигоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.
31 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АСОВЕТ ЕИДГЫЛА ХЫБГАЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 31 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза 8, 1991 шықәса рзы Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла хыбгалеит.
Асоветтә республикақәа хԥа – Урыстәылатәи Асоветтә Федеративтә Социалисттә Республика (РСФСР), Белоруссиеи Украинеи «Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аԥҵара азы Аиқәшаҳаҭра» рнапаҵаҩра мҩаԥысит. Анаҩс уи анапаҵыҩра ахьымҩаԥысыз аҭыԥ инамаданы «Беловежсктәи аиқәшаҳаҭра» ҳәа иахьӡхеит.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра Беловежтәи абна (Белоруссиа) имҩаԥысит.
АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРАЗЫ АМАНДАРИНАҚӘА РЫДКЫЛАРА ИАЗКУ АПУНКТҚӘА ЕИҾКААУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауааԥсыра Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь агуманитартә цхыраара ашьҭра аиҿкаара аҽалархәразы агәазыҳәара аадырԥшит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала, Аԥсны араионқәа рҿы амандарина адкыларазы апунктқәа еиҿкаахоит.
Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 8 рзы, асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа, араионқәа рҿы инхо ауааԥсыра рыура амандарина абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рахь иааргар алшоит:
Аҟәа араион, Гәымсҭа ақыҭа (ЗҲәА Аԥсны аҭаҭын);
Ақалақь Очамчира, Шьынқәба имҩа, аҩны №65, (араион Ахадара ахыбра аҿаԥхьа аплошьад аҿы),
Ақалақь Гәдоуҭа, Гәлиа имҩа (Гәдоуҭатәи автостанциа);
АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА АЛАЗЫРҴӘОЗ ХҨЫК 15-ШЫҚӘСА АҬАКРАЛА АХЬЫРХӘРА РЫҚӘҴОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Азербаиџьан атәылуаҩ Мамедов Жавид Маликоглу, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа – Масальски Евгени Иван-иԥеи Богданова Серафима Иван-иԥҳаи рганахьала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит. Иарбоу ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» (анаркотикатә маҭәашьарқәа еизакны мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раахәареи реиҭарсреи) инақәыршәаны ацәгьоура аҟаҵара аҿы ахара рыдҵан, ҳәа иаанацҳауеит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Жавид Мамедови Евгени Масальскии рхьырхәра аҳасабала зрежим рӷәӷәоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи рықәҵоуп. Серафима Богданова лхьырхәра аҳасабала азеиԥш режим змоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи лықәҵоуп.
2023 ШЫҚӘСАЗЫ АУСЕИҾКААРАТӘ АМЗАР ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә амзар» шьақәнарӷәӷәеит.
Аминистрцәа реилазаара Ақәҵарала, аԥсшьаратәии аныҳәатә иусуратәым амшқәеи ахьеиқәшәо инамаданы, ииагахоит абарҭ аԥсшьарамшқәа:
Ажьырныҳәамза 1 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 3 (аҩаша) ахь ииагахоит;
Ажьырныҳәамза 7 (асабша) – ажьырныҳәамза 9 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Ажьырныҳәамза 8 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 10 (аҩаша) ахь ииагахоит;
Ажьырнаҳәамза 14 (асабша) – ажьырныҳәамза 16 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Мшаԥымза 16 (ашәахьа) – мшаԥымза 17 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Нанҳәамза 26 (асабша) – нанҳәамза 29 (аҩаша) ахь ииагахоит;
Цәыббрамза 30 (асабша) – жьҭаарамза 2 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Абҵарамза 26 (амҽыша) – абҵарамза 27 (ашәахьа) ахь ииагахоит.
ЏЬЕМАЛ ГӘБАЗ ИМАҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ ИХЫ ДАҚӘИҬТӘУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Џьемал Гәбаз Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
АПРОФИЛТӘ ПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы Аԥсны атәылахьчаратә шәарҭадареи уи иамоу арратә потенциали ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аилатәара мҩаԥигеит аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.
Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Ануа, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, атәылахьчара Аминистрра аштаб Хада анапхгаҩы Владимир Савченко.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АШӘАРҬАДАРА АЗҴААРА ИНАМАДАНЫ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи Ашәарҭадара Ахеилак аусуцәеи алархәны аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит.