АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Хәажәкыр.2024

2023 шықәсазы Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ашҟа 67 арзаҳал нашьҭын.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ашҟа  67 арзаҳал нашьҭын.

Иарбоу арзаҳалқәа рыла Аппарат аусзуҩцәа 100-ҩык инарзынаԥшуа  азыҳәаҩцәа аконсультациақәа рыҭара мҩаԥыргеит.  Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа 2023 шықәсазтәи аусура азы аҳасабырбатә ажәахә аҿы абри азы адырра ҟалҵеит Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа. 

«Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахь иадҵаалаз ауааԥсыра рызҵаарақәа рзы Апрокуратура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, егьырҭ аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи аусбарҭақәа рахь азашрақәа рыхәаԥшразы ихымԥадатәиу аматериалқәеи адырақәеи раиуреи, иқәыргылоу азҵаарақәа разхьаԥшреи урҭ ирыдҳәаланы   агәаҭарақәа рымбаԥгареи  рзы азыҳәамҭақәа  дәықәҵан», – ҳәа еиҭалҳәеит Анас Кьышьмариа. Уи иҟалҵаз адыррақәа рыла, апрокуратура аусбарҭақәа рахь идәықәҵан 22 зыҳәамҭа, урҭ рахьынтә 6 даҽазнык инаышьҭыз ауп; атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь  – 17 зыҳәамҭа; аӡбаратә усбарҭақәа рахь – 5 зыҳәамҭак, урҭ рахьынтә 1 даҽазнык инашьҭыз ауп; анагӡаратә мчра аусбаҭақәа рахь – 24 зыҳәамҭа дәықәҵан, урҭ рахьынтә 6 даҽазнык инашьҭыз ауп; егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь идәықәҵан – 17 зыҳәамҭа, урҭ рахьынтә 3 – даҽазнык инашьҭыз ауп.  

« Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы еиԥш уажәгьы ауаҩы изинқәа реилагара азы адҵааларақәа реиҳарак – 67 арзаҳал рҟынтәи 51, атәылауаҩратә зинқәа ркатегориа  ауп изыдҳәалоу.  Асоциалтә зинқәа реилагара азы арзаҳалқәа 14 алагалан, аполитикатәи аекологиатәи зинеилагарақәа рзы рзаҳалк-рзаҳалк нашьҭын», – ҳәа илҳәеит Анас Кьышьмариа.

2023 шықәсазы анхаратә зинқәа актуалра аманы иаанхон.  

Анас Кьышьмариа ишазгәалҭаз ала, иҳаҩсыз ашықәс азы анхарҭаҭыԥ аиуразы агәараан ақәгылара инамаданы еиҭаашьҭыз арзаҳалқәа маҷымызт. Ари аусхкы аганахьала аҭагылазаашьа аҽаԥсахӡом, аҳәынҭқарра иамаӡам зхы иақәиҭоу анхарҭатә фонд, иҿыцу аргыларақәа мҩаԥнагаӡом, убри инамаданы анхарҭаҭыԥ змам ауаа анхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәара залмыршакәа иаанхоит.

Аомбудсмен  лгәанагарала атәыла анапхгара ари апроблема еиҳа ахшыҩзышьҭра анаҭароуп, насгьы ареспубликатә биуџьеҭ ашьақәыргылараан иарбоу азҵаара аӡбаразы ауснагӡатәқәа азԥхьагәанаҭароуп.


Read 129 times - Ахәаша, 15 Хәажәкыр 2024 18:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.