АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Хәажәкыр.2024

Абҵарамза 2023 шықәса инаркны Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахь урыстәылатәи авиза еиҳа ирласны аиураҿы ацхырааразы 9-ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа адҵаалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахь иадҵаалоит Аԥсны атәылауаа рыдагьы аҳәаанырцтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа лассы-лассы Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахь урыстәылатәи авиза еиҳа ирласны аиураҿы ацхырааразы иадҵаало иалагеит.

Убас, абҵаамза 2023  шықәса раахыс аомбудсмен ари азҵаара ала иоуит жә-ҩык рҟынтәи арзаҳалқәа.

«2023 шықәса аналага инаркны Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа авиза аиуразы иадҵаало рхыԥхьаӡара иаалырҟьаны иазҳаит. Уи иахҟьаны ицәырҵуа иалагеит зықьҩыла агәараан иқәгыло ауаа. Уи Ацҳаражәҳәарҭа аусура зыруадаҩуа акакәны иҟалеит.   Ишьақәыргылоу аҽҳәара иҭагӡаны авиза аиура ахьзалмыршахо инамаданы, аҳәаанырцәтәи атәылауаа убасҵәҟьа имариам аҭагылазаашьа аҿы иҟалеит», – ҳәа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа иҟалҵаз аҳасабырбатә ажәахә аҟны иазгәалҭеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа.

Иарбоу азҵаара ала инарҭбаау аинформациа аиуразы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ ихьӡала ашәҟәы дәықәҵан.

«Иааз аҭак ала ишеилкаахаз ала, ашықәс аихшьаалақәа рыла, авиза аиуразы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иадҵаалаз Туркменисҭан атәылауаа рхыԥхьаӡара 5-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит. Абҵарамза 7, 2023 шықәса инаркны авиза аиура зҭаху рыдкылара аиҿкаара азы иарбоу аконсултә маҵзура аелектронтә шәҟәҭаҩрала имҩаԥысуеит», – ҳәа адырра ҟалҵеит Анас Кьышьмариа.

Аомбудсмен иҿы имҩаԥгаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа рыдкыларақәа раан урҭ урыстәылатәи авиза аиуразы Аԥсны рыҟазаара акы изыруадаҩуаз аиндивидуалтә ҟазшьа змаз апроблемақәа ртәы еилкаахеит.  Уи – Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа акыраамҭа аҟазаара иадҳәалоу ахарџь инамаданы иуадаҩу аматериалтә ҭагылазаашьа, иҟан зцәа зтәымыз аҳәса (ахԥатәи атриместр иҭагылаз), астационартә хәышәтәра зҭаху ачымазарақәа зыхьыз, иара убас Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵоз.

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати ирыбжьоу аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәаанырцәтәи атәылауаа аомбудсмен иахь иаарышьҭуаз арзаҳалқәа зыԥшра ҟамҵақәа иӡбатәу аҭагылазаашьақәа алкааразы аус рыдулахон. Аус зыдулаз арзаҳалқәа рзы аматериалқәа зегьы азыҳәаҩ дзықәшәаз ауадаҩра арбаны, анаҩс изаамҭанымкәа авиза аиура алыршаазы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахь идәықәҵахон», - ҳәа иазгәаҭоуп ажәахә аҿы.

Жәҩык азыҳәаҩцәа рҟынтәи ҩыџьа аҳәаанырцәтәи атәылауаа изықәшәаз ауадаҩрақәа ҳасаб азуны изаамҭанымкәа Урыстәылатәи Афедерациа авиза рауиара алыршахеит. 

Аомбудсмен лгәаанагарала аус атәы здыруа Аԥсны  аусбарҭақәа  ишьақәгылаз  аҭагылазаашьа анаҩстәи аҭышәынтәалара азы иназыцҵоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара шхымԥадоу рырдырра ахәҭоуп.


Read 137 times - Ахәаша, 15 Хәажәкыр 2024 18:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.