АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжьаниа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамзатәи ажәылара ҟалеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы имҩаԥысит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.

Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ   Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра.


Read 206 times - Ахәаша, 15 Хәажәкыр 2024 18:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.