АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа Иира амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа Иира амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

"Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш! 

 

Шәара шәыхьӡ хьтәы нбанла аԥсуа литература аҭоурых ианылеит. Ҳажәлар рдоуҳатә ҭынха иузаҟәымҭо иалоу шәырҿиамҭақәа философиатә ҵакылеи актуалра злоу аԥсҭазааратә проблемақәеи рыла ибеиоуп.

Шықәсырацәалатәи шәырҿиаратә мҩеи, есқьынгьы активла иаашәырԥшуа атәылауаҩратә позициеи, ааԥсарада Аԥсны аинтересқәа рыхьчареи ирыбзоураны Шәара ҳуаажәларра рыҩныҵҟа аҳаҭыр ду шәаԥсаны шәҟалеит.  1988 гшықәса раахыс, еиҳа аамҭақәа аныуадаҩыз Шәара патриот иашаны шәызлаҟаз ала, напхгара ашәҭеит Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара». Ари аиҿкаара ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭеираҟны аҵак дуӡӡа аман.  Шәара ахаангьы иреиӷьу аԥсуа милаҭтә ҵасқәеи ҳажәлар рзинқәеи рыхьчаразы шәгылан.

Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа, аҵак ду змоу абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәра ду, арҿиаратә гәазыҳәара, аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа шәырҿиараҿы. Шәаԥҵамҭа ҿыцқәа акыраамҭа ҳажәлар ргәы шьҭырхлааит, адоуҳатә, акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраалааит".

 

 


Read 199 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 15:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.