АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2024

Ешыра ақыҭан Марттәи ажәыларатә операциа аҿы иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Агәалашәаратә церемониа рхы аладырхәит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахаҭарнакцәа, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аусзуҩцәа, иҭахаз аибашьцәа-афырхацәа ранацәа, астудентцәеи ашколхәыҷқәеи. 

Анаҩс акциа иалахәыз «Афыхацәа рышьҭала» имҩасит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ажәыларатә рота «Ветерок» аибашьцәа, Ҟабада-Балкариантәи иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа, Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟақәа амҵан ашәҭ шьыҵәақәа шьҭарҵеит. 

Аусмҩаԥгатә хыркәшахеит хыхьтәи Гәымсҭатәи ацҳа аҿы ишьақәыргылоу агәалашәаратә хаҳәцәқәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

1993 шықәса, хәажәкырамза 15-16 ауха иалагаз ажәыларатә операциа лҵшәадахеит. Акыр ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, хәажәкырамза 17 – 18 рзы аԥснытәи архәҭақәа шьҭахьҟа, уаанӡатәи рпозициақәа рахь ихьаҵыр акәхеит.  Аибашьра ахы инаркны аҵыхәтәанынӡа изхызгаз аԥсуа еибашьцәа изларҳәо ала, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара зегьы реиҳа иуадаҩын. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа, шәҩыла еиуеиԥшым ахәрақәа роуит,  23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

 


Read 130 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 14:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.