АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2024

Иахьа Марттәи ажәылара 31-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.

Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Марттәи ажәылара 31-шықәа ахыҵра азгәарҭоит. 31 шықəса раԥхьа, 1993 шықәса, хәажәкырамза 15 рзы Гəмысҭатəи афронт аибашьцәа Аҟəа ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцəа рҟынтə  ахақəиҭтəразы мҽхакы ҭбаала ажəылара мҩаԥыргеит. Аԥсуа архəҭақəа Гəмысҭа аӡы ирны Аԥсны аҳҭнықалақь азааигəара астратегиатə ҵакы змаз аҳаракырақəа рнапаҟны иааргеит, гəыԥқəак ақалақь агəы алалара рылшеит. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы Хәажәкырамзазтәи ҳəа зыхьӡхаз ажəылараан аԥсадгьыл ахьчаҩцəа зеиԥш ыҟам афырхаҵареи агəымшəареи аадырԥшит, аҕацəа ртехникеи дареи ааха ӷəӷəа рырҭеит. Аха рыцҳарас иҟалаз, ажəылара ахықəкы азынамыгӡеит, хәажәкырамза 17, 18 рзы ҳаибашьцəа хьаҵыр акəхеит. Ари ажəылараҿы иҭахеит 200-ҩык инареиҳаны ҳаибашьцəа, шəҩыла ахəрақəа роуит, 23-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит. Зыԥсҭазаара Аԥсны ахақәиҭра иахҭнызҵаз Афырхацəа ргəалашəара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Афырхацəа рыхьӡ кашəара ақəым!

 


Read 51 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 15:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.