АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Хәажәкыр.2024

Актәи Бедиа ақыҭа аҿы шьаҭанкыла иблит ҩ-еихагылак змаз аҩны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Актәи Бедиа ақыҭа аҿы шьаҭанкыла иблит ҩ-еихагылак змаз аҩны, ҳәа Аԥсныпресс ахь Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы  Аминистрра  аҟынтәи адырра ҟалеит.  

«Абылра ҟалеит Ҭҟәарчал араион Актәи Бедиа ақыҭан. Амцарцәаҩцәа ашьыжь, асааҭ 8:15 рзы адырра шроузҵәҟьа абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь идәықәлеит. Амца акит ҩ-еихаглакны иҟаз ахатәы ҩны. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеиуаз аамҭазы аҩны зегьы  амца амҽханакхьан», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Амцарцәаҩцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны шьаҭанкыла иблит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.

«Заанаҵтәи адыррақәа рыла, атрансформатор ааигәара ицоз звольтҳараку афымцамҩангага аҩныҟа инагаз афымцацәаҳәақәа рыҩаӡара аҟынӡа илаҟәит. Уажәы амцакра зыхҟьаз аилкааразы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит», - ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Ҭҟәарчал араион Абылрацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Денис Кәыҵниа. 

 


Read 139 times - Ашәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 14:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.