АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Хәажәкыр.2024

Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи АУН «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩцәеи афымцамҩангага «Аҽгәара» аҿы аиԥҟьара ахьыҟалаз аҭыԥ иаҭааит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи АУН «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩцәеи афымцамҩангага «Аҽгәара» аҿы аиԥҟьара ахьыҟалаз аҭыԥ иаҭааит.   

«Афмцацәаҳәа аусура аиԥҟьара зыхҟьаз аилкааразы аҭыԥ ахь инеит  Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи АУН «Амшынеиқәафымцамч»,«Аҳәынҭтеххылаԥшра», «Аенергохылаԥшра» анапхгаҩцәеи», –  ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада   Ҭемыр Џьынџьал.

Уи иажәақәа рыла, макьаназы иуадаҩуп иҟалаз амзызқәа рылацәажәара.

«Агәаҭарақәа рышьҭахь иҟалаз-шыҟалаз азы еиҳа инарҭбаау адырра ҟалоит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Џьынџьал. 

 


Read 130 times - Ашәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 14:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.