АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Хәажәкыр.2024

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи аҭынчреи рзы Женеватәи адискуссиақәа рҿы хадара злоу зҵаарақәаны иҟалароуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 18 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ   Михаил Галузин Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи Женеватәи адискуссиақәа рҿы ацхантәаҩы Џьихан Султаноглуи Евопатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилак аделегациақәа рлахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара  аҿы мшаԥымзазы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу араунд амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

«Урыстәылатәи аган иарбоу аиҿцәажәаратә формат аусура ихадоу хырхарҭаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалазароуп ҳәа иазгәанаҭоит», - ҳәа адырра ҟаҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа  адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи араунд амҩаԥгара  азԥхьагәаҭоуп мшаԥымза  4 – 5, 2024 шықәса рзы.


Read 71 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 21:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.