АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Хәажәкыр.2024

Ареспубликатә биуџьет адефицит 100 млн. мааҭ рыла иацҵахар ауеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» «Ареспубликатә закәан аиҭакрақәа ралагалара азы» Азакәан апроект  абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы иахәаԥшит хәажәкырамза 18 рзы. 

Аҟәа араион абиуџьет адотациақәа ршәага-зага 37 миллион мааҭ рыла агырхареи,  анаҩс урҭ иара убри араион аҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы  ареспубликатә биуџьет «аргылара» ахәҭа ахь рдәықәҵареи рзы адгалара ҟаҵоуп.  Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, иарбоу аԥаратә хархәагақәа реизҳара шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылареи ареконструкциеи зҭаху еиҳа ирацәаны аобиектқәа рымҽхакра алнаршоит.

Азакәан апроект иара убас абиуџьет адефицит  100 млн. мааҭ рыла ашьҭыхреи, анаҩс урҭ иара убри араион аҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы  ареспубликатә биуџьет «аргылара» ахәҭа ахь рдәықәҵареи азԥхьагәанаҭоит.   

Аилацәажәара ашьҭахь адепутатцәа иарбоу азакәан апроект  ахәаԥшразы иааиуа Апарламент асессиа аилатәара аҿы актәи аԥхьарала адкыларазы  анашьҭразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  


Read 59 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 21:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.