АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Хәажәкыр.2024

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы абџьари аџьаԥҳани рыиагара ԥхьдырҟәааит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы Аԥсныҟа зхы хаз автомашьына «ВАЗ 21053» ааныркылеит. 

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи Аҳазалхратә Усбарҭа апрес-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазалхратә гәаҭараан иарбоу амашьына аидараҭыԥ аҿы ирбеиташәарыцагатә шәақь, иара убас ҩ-патронҭраки, жә-патронаки.  Имҩаԥгаз аекспертиза инақәыршәаны, иарбоу ашәақь амодель «Сайга-20С» иатәу, 1996 шықәсазы иҭыжьу, згәыцәеизадоу ашәарацагатә шәақь ауп. Уи атәылауаҩра-шәарыцаратә амцабџьар акатегориа иаҵанакуеит, апатронқәа – ашәарыцаратә хҭалашәара  20/70 змоу ашьамцатә патронақәа роуп.

Ашәарыцагатә шәақьи уи апатронақәеи рныҟәгареи рыҵәахреи рзы азин шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа  ахаҵа ицӡамызт.  Иарбоу абџьари аџьаԥҳани аҳәынҭқарратә ҳәаа ЕАЭС ахгаразы азин зырҵабыргуа ақьаадқәагьы уи имаӡамызт. 

Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь ала Амаҵзура  иарбоу ахҭыс ала Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидыла ахәҭаҷ 226.1, ахәҭа  1 ала ашьаусеилыргара хацнаркит. Аус аматериалқәа зегьы анаҩстәи аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  атранспорт аҿы Шәачатәи Ацәаҳәатә Усбарҭа  ахь ииагоуп. 

 


Read 50 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 21:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.